Аԥсны

Аҟәа иқәгылеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд"

Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ансамбль "Симд" аконцерт мҩаԥысит рашәара 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд" аконцерт.

Аконцерт хацыркын акәашара "Симд" ала. Аахыҵ Уаԥстәыла акәашацәа ирыланы асценахь ицәырҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә акәашаратә ансабль "Кавказ" ахкынагӡаҩцәа.

Акәашаҩцәа инарыгӡеит "Хонга кафт", "Ирон кафт", адыга, ашьхаруа, аҭыԥҳацәа, ачеченцәа, аланцәа рыкәашарақәа. Зегь рзы узқәымгәыӷуа ҳамҭахеит аԥсуа кәашара "Симд" анагӡарала.
Иара убасгьы иқәгылеит ансамбль ахацәа рхор, аԥсышәала ашәа рҳәеит Вано Бекоеви Марҭа Харебовеи.
1 / 8

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысит Борис Галаев ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд" аконцерт

2 / 8

3 / 8

4 / 8

5 / 8

6 / 8

7 / 8

8 / 8

Ақәгыларақәа рышьҭахь аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵахеит ашәаҳәаҩ Марҭа Харебова, Аҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа Альбина Хутаевеи Сослан Хасиеви, аоркестртә гәыԥ ансамбль анапгаҩы Ельбрус Ходов, акәашаҩцәа шьҭрала Аԥсны иеиуоу Инал Биченови Арифа Сангәлиаԥҳаи.
"Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит атеатр аколлектив, арҭ аҩмшк ирылагӡаны аԥхарреи хашҭра зқәым ацәаныррақәеи ҳзааншәыжьит, ҳажәларқәа еиҳагьы еизааигәашәтәит", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Даур Акаҩба.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева иланашьан Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Аԥсны
Ауснагӡатәқәа даара ирацәоуп: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркультуратә усеицура зеиԥшрахо