АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны акриптавалиута арҳаразы амаругақәа рымырхит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.
Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит автомашьына, иара агәаҭараан ирбеит амаинингқәа хԥа. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ.
Зынӡа х-аппаратк рбеит.
Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы нашьҭуп Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аҳазатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара аҟәшахьы.