АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭан аӡымҩанагагатә цәаҳәақәа рыԥсахразы аҟазацәа аусурақәа ирылагеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аӡыршьҭра аиҳабы Оҭар Леиба.
Иара иазгәеиҭеит, аӡымҩангагақәа Гәдоуҭа азауад аҟны ишаҿарҵаз. Ахәаша, лаҵара 2 рзы аусуҩцәа аӡымҩангагақәа реибаҭара иалагеит, аҭыԥаҿ аӡымҩангагақәа мазеины инаргарцаз.
Леиба игәаанагарала, амш рԥырхагамхар ауааԥсыра аӡы роуеит 2-3-мш рыла.
Ҟәланырхәа аӡымҩангагатә цәаҳәа адгьылҳәазараан иаиуз ааха иахҟьаны Абӷархықәи Ҟәланырхәеи ақыҭақәа руааԥсыра ӡыда иаанхеит. Гәдоуҭа ақалақь агәани Замостианка араион аҿы инхо ӡыла аиԥҟьарақәак рымоуп. Ақалақьуаа арҭ амшқәа рзы аӡы роуеит арезервтә ӡыҭгагатә станциа "Ааԥсҭа" аҟынтә.