Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи аӡыршьҭраҟны ирҳәеит араион аҟны аӡы аныҟало

© Sputnik / Томас ТхайцукСело Баслата
Село Баслата - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2023
Анапаҵаҩра
Ҟәланырхәа аӡымҩангагатә цәаҳәа адгьылҳәазараан иаиуз ааха иахҟьаны Абӷархықә, Ҟәланырхәа, Гәдоуҭа ахәҭак руааԥсыра ӡыда иаанхеит.
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭан аӡымҩанагагатә цәаҳәақәа рыԥсахразы аҟазацәа аусурақәа ирылагеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аӡыршьҭра аиҳабы Оҭар Леиба.
Иара иазгәеиҭеит, аӡымҩангагақәа Гәдоуҭа азауад аҟны ишаҿарҵаз. Ахәаша, лаҵара 2 рзы аусуҩцәа аӡымҩангагақәа реибаҭара иалагеит, аҭыԥаҿ аӡымҩангагақәа мазеины инаргарцаз.
Леиба игәаанагарала, амш рԥырхагамхар ауааԥсыра аӡы роуеит 2-3-мш рыла.
Ҟәланырхәа аӡымҩангагатә цәаҳәа адгьылҳәазараан иаиуз ааха иахҟьаны Абӷархықәи Ҟәланырхәеи ақыҭақәа руааԥсыра ӡыда иаанхеит. Гәдоуҭа ақалақь агәани Замостианка араион аҿы инхо ӡыла аиԥҟьарақәак рымоуп. Ақалақьуаа арҭ амшқәа рзы аӡы роуеит арезервтә ӡыҭгагатә станциа "Ааԥсҭа" аҟынтә.
Ажәабжьқәа зегьы
0