АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Гагра ақалақь акурорттә аамҭа иахьынӡазхиоу гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иара даҭааит 2022 шықәса хәажәкырамзазы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртыз абальнеохәышәтәырҭа.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, Гагра иҟоу атыҩшаӡри аҵхырҭа - адунеи аҿы иреиӷьӡоу ҳәа ишьоуп, уантәи иҭырго аӡы 52 ҽыкәабарҭа аладырҭәуеит.
"Амедицинатә маҭәахәқәа ааҳхәеит Урыстәыла. Аҽыкәабарҭақәа рышәагаақәа еиуеиԥшым, ҳпациентцәа зегьы роуреи-рыҭбаареи рыкапани ианааларатәы. Урҭ зегьы аус дируеит амедицинатә маҭәахәқәа рынџьныр", - лҳәеит аҳақьым.
Уи адагьы, рашәарамза аҽеиҩшамҭазы ара иаадыртуеит аӡҭарчы. Верхотурова ишылҳәаз ала, ари аусбарҭа сааҭк ала иаднакылар алшоит 104-ҩык апациентцәа. Ара аус руеит 35-ҩык аусзуҩцәа, урҭ зегьы реиҳарак аҭыԥантәиқәоуп.
Иара убас Ҭеимураз Хышба игәеиҭеит ақалақь аплиаж аҭагылазаашьа, иагьиҳәеит амшынҭалара аамҭазы ара аиқәырхаратә станциақәа аус рулар шакәу, иара убас асанепидеммаҵзура амшынӡы гәанаҭарц шахәҭоу.