https://sputnik-abkhazia.info/20230602/pitsunda-aturist-aama-iakhynazkhiou-aty-ialatsazheit-aala-akhadei-aturizm-aministri--1046139568.html
Пицунда атуристтә аамҭа иахьынӡазхиоу атәы иалацәажәеит ақалақь ахадеи атуризм аминистри
Пицунда атуристтә аамҭа иахьынӡазхиоу атәы иалацәажәеит ақалақь ахадеи атуризм аминистри
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Пицунда атуристтә аамҭа иахьынӡазхиоу атәы иалацәажәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи ақалақь ахада Руслан Хәынҵариеи. Абри... 02.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-02T22:56+0300
2023-06-02T22:56+0300
2023-06-03T11:39+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
гагра араион
аԥсшьара
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/1c/1030638626_0:89:3072:1817_1920x0_80_0_0_7a4c1f07fb0a3aa4270de6acad9acec9.jpg
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Пицунда атуристтә аамҭа иахьынӡазхиоу атәы иалацәажәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи ақалақь ахада Руслан Хәынҵариеи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Атуризм аминистр ақалақь плиаж аҟны аиқәырхаратә маҵзура аиқәыршәараз ацхыраара ҟаиҵеит, аусзуҩцәа руалафахәы ашәоит Еидҵоу аԥсшьарҭа ҩнқәа "Акурорт Пицунда". Асанитар-епидемиологиатә маҵзура амшынӡы еиԥҟьарада игәанаҭалоит ҳәа иҳәеит Хәынҵариа.Хышбеи Хәынҵариеи ахәҳаахәҭратә ргыларақәа ирҭааны ирбеит. Ақалақь ахаҿра ԥхасҭазтәоз иажәыз 36 ахәҳаахәҭратә ҿхышәқәа ықәгоуп.Ақалақь ахадара аминистр идырбеит, ахәҳаахәҭратә хыбра ҿыцқәа рыпроек, урҭ қьырала измоу дара рхарџьқәа рыла идыргылоит. Уажәнатә 10 дыргылахьеит, ԥыҭрак анаҩс иргылахоит даҽа 20-25 ҿхышә.
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/1c/1030638626_24:0:2755:2048_1920x0_80_0_0_67aafd8a737eb869e66dc185877cdd51.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, гагра араион, аԥсшьара
аԥсны, ажәабжьқәа, гагра араион, аԥсшьара
Пицунда атуристтә аамҭа иахьынӡазхиоу атәы иалацәажәеит ақалақь ахадеи атуризм аминистри
22:56 02.06.2023 (ирҿыцуп: 11:39 03.06.2023) АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Пицунда атуристтә аамҭа иахьынӡазхиоу атәы иалацәажәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи ақалақь ахада Руслан Хәынҵариеи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Хәынҵариа иажәақәа рыла, акурорт аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа иазыҟаҵоуп - имҩаԥгоуп ақалақь арԥшӡаразы аусурақәа, иаԥыхуп аӡы азын иҟаз ауадаҩрақәа, амшын аплиаж рыцқьоуп.
Атуризм аминистр ақалақь плиаж аҟны аиқәырхаратә маҵзура аиқәыршәараз ацхыраара ҟаиҵеит, аусзуҩцәа руалафахәы ашәоит Еидҵоу аԥсшьарҭа ҩнқәа "Акурорт Пицунда".
Асанитар-епидемиологиатә маҵзура амшынӡы еиԥҟьарада игәанаҭалоит ҳәа иҳәеит Хәынҵариа.
Хышбеи Хәынҵариеи ахәҳаахәҭратә ргыларақәа ирҭааны ирбеит. Ақалақь ахаҿра ԥхасҭазтәоз иажәыз 36 ахәҳаахәҭратә ҿхышәқәа ықәгоуп.
Ақалақь ахадара аминистр идырбеит, ахәҳаахәҭратә хыбра ҿыцқәа рыпроек, урҭ қьырала измоу дара рхарџьқәа рыла идыргылоит. Уажәнатә 10 дыргылахьеит, ԥыҭрак анаҩс иргылахоит даҽа 20-25 ҿхышә.