https://sputnik-abkhazia.info/20230603/asny-aturizm-aministr-gagra-aala-akurortt-aama-iakhynazkhiou-geieit-1046141355.html
Аԥсны атуризм аминистр Гагра ақалақь акурорттә аамҭа иахьынӡазхиоу гәеиҭеит
Аԥсны атуризм аминистр Гагра ақалақь акурорттә аамҭа иахьынӡазхиоу гәеиҭеит
Sputnik Аҧсны
Гагра - реиҳа еицырдыруа Аԥсны акурортқәа иреиуоуп, ара иҟоуп 26 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа рҭыԥқәа. 03.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-03T13:10+0300
2023-06-03T13:10+0300
2023-06-04T09:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/03/1046140647_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_64cb84a2c6775299c2ad3a66a2ec2297.jpg
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Гагра ақалақь акурорттә аамҭа иахьынӡазхиоу гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.Иара даҭааит 2022 шықәса хәажәкырамзазы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртыз абальнеохәышәтәырҭа.Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, Гагра иҟоу атыҩшаӡри аҵхырҭа - адунеи аҿы иреиӷьӡоу ҳәа ишьоуп, уантәи иҭырго аӡы 52 ҽыкәабарҭа аладырҭәуеит.Уи адагьы, рашәарамза аҽеиҩшамҭазы ара иаадыртуеит аӡҭарчы. Верхотурова ишылҳәаз ала, ари аусбарҭа сааҭк ала иаднакылар алшоит 104-ҩык апациентцәа. Ара аус руеит 35-ҩык аусзуҩцәа, урҭ зегьы реиҳарак аҭыԥантәиқәоуп.Иара убас Ҭеимураз Хышба игәеиҭеит ақалақь аплиаж аҭагылазаашьа, иагьиҳәеит амшынҭалара аамҭазы ара аиқәырхаратә станциақәа аус рулар шакәу, иара убас асанепидеммаҵзура амшынӡы гәанаҭарц шахәҭоу.
https://sputnik-abkhazia.info/20230602/pitsunda-aturist-aama-iakhynazkhiou-aty-ialatsazheit-aala-akhadei-aturizm-aministri--1046139568.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/03/1046140647_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_fd4e509161bd8f7963cd046768fbc897.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсшьара
Аԥсны атуризм аминистр Гагра ақалақь акурорттә аамҭа иахьынӡазхиоу гәеиҭеит
13:10 03.06.2023 (ирҿыцуп: 09:24 04.06.2023) Гагра - реиҳа еицырдыруа Аԥсны акурортқәа иреиуоуп, ара иҟоуп 26 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа рҭыԥқәа.
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Гагра ақалақь акурорттә аамҭа иахьынӡазхиоу гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иара даҭааит 2022 шықәса хәажәкырамзазы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртыз абальнеохәышәтәырҭа.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, Гагра иҟоу атыҩшаӡри аҵхырҭа - адунеи аҿы иреиӷьӡоу ҳәа ишьоуп, уантәи иҭырго аӡы 52 ҽыкәабарҭа аладырҭәуеит.
"Амедицинатә маҭәахәқәа ааҳхәеит Урыстәыла. Аҽыкәабарҭақәа рышәагаақәа еиуеиԥшым, ҳпациентцәа зегьы роуреи-рыҭбаареи рыкапани ианааларатәы. Урҭ зегьы аус дируеит амедицинатә маҭәахәқәа рынџьныр", - лҳәеит аҳақьым.
Уи адагьы, рашәарамза аҽеиҩшамҭазы ара иаадыртуеит аӡҭарчы. Верхотурова ишылҳәаз ала, ари аусбарҭа сааҭк ала иаднакылар алшоит 104-ҩык апациентцәа. Ара аус руеит 35-ҩык аусзуҩцәа, урҭ зегьы реиҳарак аҭыԥантәиқәоуп.
Иара убас Ҭеимураз Хышба игәеиҭеит ақалақь аплиаж аҭагылазаашьа, иагьиҳәеит амшынҭалара аамҭазы ара аиқәырхаратә станциақәа аус рулар шакәу, иара убас асанепидеммаҵзура амшынӡы гәанаҭарц шахәҭоу.