Аԥсны

Аԥсны ауаажәларратә ҭыԥқәа рыҟны ишахәҭам еилаҳәоу ахараԥса дыршәахоит

Аԥсахрақәа рызкуп Аԥсны ауааԥсыреи ҳтәыла иаҭаауа асасцәеи ауаажәларратә ҭыԥқәа рыҟны ишагәнагам рҽеилаҳәаразы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент административтә зинеилагаразы азакәанеидкыла аԥсахрақәа аларгалеит ауаажәларратә ҭыԥқәа рыҟны ахымҩаԥгашьаз.
"Хыԥхьаӡара рацәала атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи раара жәаҳәарада абиуџьет еизнарҳауеит, аха иаҳхаҳмаршҭыроуп ҳаԥсуара. Аԥсшьара иаауа аӡәырҩы рышәҵатәы иашьклаԥшӡом аплиаж аҟны еиԥш ауаажәларратә ҭыԥқәа ирҭаауеит. Ахацәа ракәзар реиқәа ҿахҵәақәа рышьаҵан ӡараҩахыс рҽеилахны ақалақь иалоуп. Ас ахымҩаԥгашьа аҭыԥантәи ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырнагоит", - ҳәа аҳәоит аилыркааратә шәҟәынҵаҿы.
Аԥсны
Аԥсны асанҳақьым хада еиҭалҳәеит акурорт аамҭазы амаҵзура аусура атәы
Иазгәаҭоуп, лассы-ласс аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәынамӡара атәы аԥсшьацәа ианрарҳәалак аисра анахылҿиаауагьы, уи анаҩс уи иалахәу административтә ма ашьаустә ҭакԥхықәра ианақәдыршәогьы.
Ауаажәларратә ҭыԥқәа рыҟны, аплиажқәа рыда, ишахәҭам еилаҳәоу ахараԥса дыршәахоит 100 МРОТ (фнызқь мааҭ).
Азакәан аус ауеит 2023 шықәса нанҳәа 1 инаркны.