Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны асанҳақьым хада еиҭалҳәеит акурорт аамҭазы амаҵзура аусура атәы

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых в Крыму
Отдых в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аусзуҩцәа аԥхын есышықәсатәи ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит амшынӡи аӡымҩангагақәа рҟынтәи иааиуа аӡыи рхаҭабзиара агәаҭара, иара убас акрыфарҭақәеи афатәҭирҭақәеи рыҟны.
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа раԥхьаӡа акәны амшынӡы ҭырҵаауеит авирус азы. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит Аԥсны асанҳақьым хада Алла Белиаева.

"Сынтәа инаркны авирус азы амшынӡы аҭҵаара ҳалагоит. Аус еицааулоит Аҟәа, Очамчыра, Гагра иҟоу х-лабораториак. Амшынӡы абактериологиатә еиԥш авирус азгьы ПЦР- тҵаарагьы мҩаԥаагоит. Уи алагь аҭак ҳауеит аԥхын мҽхакы ҭбаала акьатеи инфекциатә чымазара зыхҟьо", - ҳәа лҳәеит лара.

Белиаева иазгәалҭеит амшынӡы макьана аҭҵааразы ишырзеизымго амшцәгьақәа ирыхҟьаны. Аха раԥхьатәи алҵшәақәа роуеит ҳазҭоу амчыбыжь азы.
Аԥхынтәи аамҭазы Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аусзуҩцәа есышықәсатәи ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит амшынӡи аӡымҩангагақәа рҟынтәи иааиуа аӡыи рхаҭабзиара агәаҭара, иара убас акрыфарҭақәеи афатәҭирҭақәеи рыҟны. Сынтәа акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи ргәаҭарақәа мҩаԥгахоит имазеиу афатә алабораториатә ҭҵаарақәа рхархәарала.
Белиаева лажәақәа рыла, агәҭынчымзаара рызцәырнагоит акурорт аамҭазы иаадыртуа акрыфарҭақәа. Иара убас лассы-ласс ирԥылоит аепидмаҵзура аганахь ала ақәшаҳаҭра рымаӡамкәан акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи анаадыртуа. Урҭ аҭыԥқәа рыҟны иҟарҵо афатә ауаҩы иԥырхагахар ҟалоит.
Белиаева лассы-ласс ирԥыло аилагарақәа ракәны рыӡбахә лҳәеит, акрыфарҭақәа русзуҩцәа амедицинатә гәаҭара иахымыжьқәа иахьрыдыркыло.
Жаркое лето 2022 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2023
Урыстәыла
Аҿаҵарақәа рмаҵзура: Аԥсны Ҭырқәтәылазы иальтернативахар алшоит
Асанитартә ԥҟарақәа еилазго ахараԥса дыршәахоит. Аха Алла Белиаева ишылҳәаз ала, ахараԥса ауаҩы даршәартә еиԥш иҳаракым.
Асанҳақьым хада иаара убасгьы иазгәалҭеит, амаҵзура аузуҩцәа шазымхо. Зны-зынла атәыла зегьы амаҵ аура рымч ақәхаӡом. Зегь раасҭа иуадаҩу раионуп Гагра, уаҟа атуристцәа рырацәара иабзоураны атуристә ргыларақәагь рацәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0