Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ар ажәылара ишалагаз

Украина аконтржәылара иалагеит ҳәа аҩаша аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Иара имоу адыррақәа рыла, аӷа иҽазишәеит афронт еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны ажәылара, уи азы акырџьара атехникеи аруааи рацәаны иргылеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Украина ажәылара иалагеит, абри азы гәыҩбара ыҟам Киев астратегиатә резервқәа рхархәара иахьалагаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Ажәыларақәа иахьрылагаз аҭыԥқәа рҿы џьаргьы ақәҿиара рымам, рыгәҭакқәа акгьы рзынамыгӡеит украинатәи архәҭақәа. Уи лабҿаба иубарҭоуп", — иҳәеит атәыла ахада.
Урыстәылаа раԥхьагыла иазгәеиҭеит иеибашьцәа агәымшәареи афырхаҵареи шаадырԥшуа, архәҭақәа рус ииашаны ишеиҿкаау, рнапхгаҩцәа рус шырдыруа, урыстәылатәи абџьар акәзар, ибзианы аус шауа.
"Ажәылара еихәлабгоу еихәламбгоу атәы шәазҵаауазар, иаҳҳәароуп урҭ иҟарҵоз ашьаҿақәа зегьы еиԥырҟьоуп. Аха уеизгьы ажәыларазы алшарақәа рымоуп", — иҳәеит Путин.
Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы УАМ ацәыӡқәа рацәаны ишамоу убарҭоуп, уаанӡа ҳзышьцылақәахьаз раасҭа.
"Еилкаауп ажәыларақәа раан ижәыло аган хынтә еиҳауп рцәыӡқәа. Уи классикоуп. Аха уажәазы ари ахыԥхьаӡара акыр еиҳауп. Цифрала аҳәара салагом, аха урҭ џьоушьартә иҟоуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла арратә напхгара аӷа ижәылара ахәшьара анаҭоит, аибашьра адәаҿы ишьақәгылоу аҭагылазаашьа иақәныҟәаны ашьаҿақәа ылнахуеит иҳәеит Путин. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит адҵақәа рынагӡара зылшо атәылахьчара-ааглыхратә комплекс ирласны аҿиара ишаҿу, ҿырԥштәысгьы иааигеит ҳаамҭа иақәшәо абџьар аҭыжьра амҽхак ахьдырҭбаауа.