https://sputnik-abkhazia.info/20230609/putin-aama-aieit-ukraina-ar-azhylara-ishalagaz-1046255060.html
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ар ажәылара ишалагаз
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ар ажәылара ишалагаз
Sputnik Аҧсны
Украина аконтржәылара иалагеит ҳәа аҩаша аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Иара имоу адыррақәа рыла, аӷа иҽазишәеит афронт... 09.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-09T19:40+0300
2023-06-09T19:40+0300
2023-06-09T19:43+0300
ажәабжьқәа
владимир путин
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0c/1043081977_0:18:3271:1858_1920x0_80_0_0_9afaa3d358190952af0e76fafbeba3f1.jpg
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Украина ажәылара иалагеит, абри азы гәыҩбара ыҟам Киев астратегиатә резервқәа рхархәара иахьалагаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.Урыстәылаа раԥхьагыла иазгәеиҭеит иеибашьцәа агәымшәареи афырхаҵареи шаадырԥшуа, архәҭақәа рус ииашаны ишеиҿкаау, рнапхгаҩцәа рус шырдыруа, урыстәылатәи абџьар акәзар, ибзианы аус шауа."Ажәылара еихәлабгоу еихәламбгоу атәы шәазҵаауазар, иаҳҳәароуп урҭ иҟарҵоз ашьаҿақәа зегьы еиԥырҟьоуп. Аха уеизгьы ажәыларазы алшарақәа рымоуп", — иҳәеит Путин.Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы УАМ ацәыӡқәа рацәаны ишамоу убарҭоуп, уаанӡа ҳзышьцылақәахьаз раасҭа."Еилкаауп ажәыларақәа раан ижәыло аган хынтә еиҳауп рцәыӡқәа. Уи классикоуп. Аха уажәазы ари ахыԥхьаӡара акыр еиҳауп. Цифрала аҳәара салагом, аха урҭ џьоушьартә иҟоуп", - иҳәеит иара.Урыстәыла арратә напхгара аӷа ижәылара ахәшьара анаҭоит, аибашьра адәаҿы ишьақәгылоу аҭагылазаашьа иақәныҟәаны ашьаҿақәа ылнахуеит иҳәеит Путин. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит адҵақәа рынагӡара зылшо атәылахьчара-ааглыхратә комплекс ирласны аҿиара ишаҿу, ҿырԥштәысгьы иааигеит ҳаамҭа иақәшәо абџьар аҭыжьра амҽхак ахьдырҭбаауа.
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/0c/1043081977_132:0:2863:2048_1920x0_80_0_0_1b146c43725c3e70e808a32927fadeb2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин, украина
ажәабжьқәа, владимир путин, украина
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ар ажәылара ишалагаз
19:40 09.06.2023 (ирҿыцуп: 19:43 09.06.2023) Украина аконтржәылара иалагеит ҳәа аҩаша аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Иара имоу адыррақәа рыла, аӷа иҽазишәеит афронт еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны ажәылара, уи азы акырџьара атехникеи аруааи рацәаны иргылеит.
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Украина ажәылара иалагеит, абри азы гәыҩбара ыҟам Киев астратегиатә резервқәа рхархәара иахьалагаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Ажәыларақәа иахьрылагаз аҭыԥқәа рҿы џьаргьы ақәҿиара рымам, рыгәҭакқәа акгьы рзынамыгӡеит украинатәи архәҭақәа. Уи лабҿаба иубарҭоуп", — иҳәеит атәыла ахада.
Урыстәылаа раԥхьагыла иазгәеиҭеит иеибашьцәа агәымшәареи афырхаҵареи шаадырԥшуа, архәҭақәа рус ииашаны ишеиҿкаау, рнапхгаҩцәа рус шырдыруа, урыстәылатәи абџьар акәзар, ибзианы аус шауа.
"Ажәылара еихәлабгоу еихәламбгоу атәы шәазҵаауазар, иаҳҳәароуп урҭ иҟарҵоз ашьаҿақәа зегьы еиԥырҟьоуп. Аха уеизгьы ажәыларазы алшарақәа рымоуп", — иҳәеит Путин.
Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы УАМ ацәыӡқәа рацәаны ишамоу убарҭоуп, уаанӡа ҳзышьцылақәахьаз раасҭа.
"Еилкаауп ажәыларақәа раан ижәыло аган хынтә еиҳауп рцәыӡқәа. Уи классикоуп. Аха уажәазы ари ахыԥхьаӡара акыр еиҳауп. Цифрала аҳәара салагом, аха урҭ џьоушьартә иҟоуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла арратә напхгара аӷа ижәылара ахәшьара анаҭоит, аибашьра адәаҿы ишьақәгылоу аҭагылазаашьа иақәныҟәаны ашьаҿақәа ылнахуеит иҳәеит Путин. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит адҵақәа рынагӡара зылшо атәылахьчара-ааглыхратә комплекс ирласны аҿиара ишаҿу, ҿырԥштәысгьы иааигеит ҳаамҭа иақәшәо абџьар аҭыжьра амҽхак ахьдырҭбаауа.