АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Урыстәыла Амш азы Ацҳаражәҳәарҭа имҩаԥнагоз адкылара далахәын.
Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи аныҳ әа рыдиныҳәалеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа акыр шықәса шахыҵуа.
"Аԥсны атәылауаа реиҳараҩык Урыстәыла иатәылауаҩуп, уи аԥсуа жәлар ҳаҩызаратә тәыла ишазыҟоу аныԥшуеит. Аԥсны жәлари, анапхгареи, хаҭала сареи шәусуразы иҭабуп ҳҳәоит", - иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәыла Амш- еицаҳзеиԥшу ныҳәоуп иҳәеит.
Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в торжественном приеме по случаю Дня России в Посольстве.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит, уи ашьҭахь аҩтәылак реизыҟазаашьақәа еиҳагьы рыҽдырҭбааит иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Иахьа Урыстәыла Аԥсны ашәарҭадара иахылаԥшуеит, асоциал-економикатәи, акультура-агуманитартә хырхарҭақәеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи иацхраауеит. Аганқәа русеицуразы иаԥҵоуп аиқәшаҳаҭра-зинтә база, уи адокументқәа рацәаны еиднакылоит", - иҳәеит Шургалин.
Шургалин иазгәеиҭеит 2022 шықәса жәабранмзазы Аԥсны Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымра шазханаҵаз.