Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ари амш аҳәынҭқарратә ныҳәақәа зегь раасҭа ихадоуп ҳәа.
"Ари аныҳәа урыстәылауаа зегьы еиднакылоит, дара ибеиоу ркультуреи рқьабзқәеи пату ақәырҵоит, уи иабзоураны асоциал-економикатә лшарақәа рырӷәӷәаразы рлагала ҟарҵоит, жәларбжьаратәи арена аҟны ринтересқәа рыхьчоит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥнси Урыстәылеи аизыҟазаашьа ҷыдақәа еиднакылоит.
"Сгәыӷуеит, ҳусеицура наҟ-наҟгьы аҿиара аиуп ҳәа", - азгәеиҭеит Атәыла ахада.
Урыстәыла Амш - ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, уи есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы, РСФСР Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.
Ажәабжьқәа зегьы
0