Аԥсны

Рашәара 12 рзы Аҟәа ахәҭак хәылбыҽханӡа ӡыда иҟазаауеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ҩымш ҵуеит ӡыда иҟоуижьҭеи, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Амҩақәа Гәлиеи Ажәанбеи реихысырҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ахьыԥжәаз иахҟьаны рашәара 11 18:00 саааҭ раахыс ӡыда иҟоуп Академик Марр, Ажәанба, Чочуа, Папасқьыр, Лашәриа рымҩақәа рҟны инхо ауааԥсыра.
Рашәара 12 асааҭ 10:00 инаркны 18:00 нӡа ӡыржәтәда иҟазаауеит амҩақәа Беигәаа, Почтоваиа, Заречнаиа, Железнадорожнаиа инхо.