Аԥсны

Аҟәа агәамкажьырҭа ҭыԥқәа рыҟны авидеорбагақәа ықәдыргылоит

Сынтәа ақалақь ахадара аҟьамсарҭаԥсарҭақәа 200 аархәеит, урҭ ажәытәқәа рыла ирыԥсахит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Аҟәа ахадара ргәы иҭоуп, ауааԥсыра лассы-ласс иахьахәҭам аҭыԥқәа рыҟны рҟьамсар ахькарыжьуа авидеорбагақәа рықәыргылара. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Анхарҭа коммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

"Ауадаҩрақәа ыҟоуп еиҳарак аргыларатә гәам-сам иахьаҭыԥым акажьраз. Убри азын ҳара иҳаӡбеит арҭ аҭыԥқәа рыҟны авидеорбагақәа рықәыргылара. Ақалақь аҩнуҵаҟа лассы-ласс агәам-сам ахькарыжьуа аҭыԥқәа жәохә алкаауп, уаҟа акамерақәа ықәҳаргылоит, анаҩс азинхьчаратә усбарҭақәа адаагалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҩӡба иажәақәа рыла, агәам-сам иахьаҭыԥым иказыжьуа рганахь ала ареспублика азакәанԥҵарала ахьархәра рӷәӷәатәуп. Аҳҭнықалақь анапхгара уажәы агәам-сам ақәгаразы ахәԥсақәа рыԥсахразы апроект аус адулара иаҿуп.
Уи алагь, ақалақь иаланхо ауааԥсыра иахьабалак агәамсам кажьра шыҟамло еилыркаап ҳәа иақәгәыӷуеит.
Сынтәа ақалақь ахадара аҟьамсарҭаԥсарҭақәа 200 аахәан идыргылеит. Ажәытәқәа еиҭашьақәыргыланы ақалақь анҭыҵҟа иргылахоит. Аԥхьаҟа иазгәаҭоуп ҳаамҭа иақәшәо агәамкаԥсарҭатә ҭыԥқәа рыргылара.
Аԥсны
Аҟәа агәамсамеизгарҭаҿы амца дырцәеит