АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Афон ҿыц агәҭа џьара-џьара илеиуаз ақәыршҩы иахҟьаны ауаа аӡы рыҵалеит иҳәеит ақалақь Анхарҭа коммуналтә усбарҭа ариаҵәара аҟәша аусзуҩы Вадим Шарапов.
"Аберҭыԥ аҟынтәи аҩарӡ рацәаны илеиуан, аӡы Приморсктәи апарк иҵалеит. Аӡҭачы аҟны аӡкырҭақәа ааҳартит ихымҵырц азын. Ас еиԥш ҟалалоит ашықәсан знык-ҩынтә, аха уаанӡа ԥхынгәымзазы акәын", - ҳәа иҳәеит иара.
Шарапов иажәақәа рыла, ахатәы ҩнқәеи аҩнеихагылақәеи рахь аӡы мнеиӡеит. Ас еиԥш аӡы ақалақь алалара зыхҟьо ақәаршыҩцарҭақәа рыҟамзаара ауп.
Гәдоуҭа араион рашәара 15 ауха аԥшеи ақәаршҩы ӷәӷәеи ыҟан. Ақалақь иахьаҵанакуа аӡқәа хыҵны анхарҭа ҩнқәа ирыҵалеит.
Анхамҩазы ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Агрба ишазгәеиҭаз ала, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи изыхәҭоу амаҵзурақәеи аԥсабаратә рыцҳара ааха знаҭаз реилкааразы аинформациа еизыргоит.
Амшцәгьа иара убасгьы афымцалашара еиԥнарҟьеит. Џьара-џьара астанциа маҷқәа аӡы рыҵалеит, иҟоуп афымцеихшарҭа амацәыс ахьасызгьы.