Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афон ҿыц агәҭа ақәаршҩы иахҟьаны џьара-џьара аӡы рыҵалеит

© Sputnik / Леон Адлейба Железнодорожная станция Псырцха
Железнодорожная станция Псырцха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Анапаҵаҩра
Афон ҽыц ақәаршҩы ӷәӷәа леит асааҭ 12:00 рзеиԥш аԥшьаша, рашәара 15 рзы. Иара иаанымгылаӡакәа илеиуан 30-40 минуҭ.
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Афон ҿыц агәҭа џьара-џьара илеиуаз ақәыршҩы иахҟьаны ауаа аӡы рыҵалеит иҳәеит ақалақь Анхарҭа коммуналтә усбарҭа ариаҵәара аҟәша аусзуҩы Вадим Шарапов.

"Аберҭыԥ аҟынтәи аҩарӡ рацәаны илеиуан, аӡы Приморсктәи апарк иҵалеит. Аӡҭачы аҟны аӡкырҭақәа ааҳартит ихымҵырц азын. Ас еиԥш ҟалалоит ашықәсан знык-ҩынтә, аха уаанӡа ԥхынгәымзазы акәын", - ҳәа иҳәеит иара.

Шарапов иажәақәа рыла, ахатәы ҩнқәеи аҩнеихагылақәеи рахь аӡы мнеиӡеит. Ас еиԥш аӡы ақалақь алалара зыхҟьо ақәаршыҩцарҭақәа рыҟамзаара ауп.
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит
Гәдоуҭа араион рашәара 15 ауха аԥшеи ақәаршҩы ӷәӷәеи ыҟан. Ақалақь иахьаҵанакуа аӡқәа хыҵны анхарҭа ҩнқәа ирыҵалеит.
Анхамҩазы ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Агрба ишазгәеиҭаз ала, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи изыхәҭоу амаҵзурақәеи аԥсабаратә рыцҳара ааха знаҭаз реилкааразы аинформациа еизыргоит.
Амшцәгьа иара убасгьы афымцалашара еиԥнарҟьеит. Џьара-џьара астанциа маҷқәа аӡы рыҵалеит, иҟоуп афымцеихшарҭа амацәыс ахьасызгьы.
Подтопленный дом в Гудауте 15--06-2023 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Аԥсны
Гәдоуҭа ақәаршҩы илеиз иахҟьаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0