Амши аҵхи рҽеиҭныԥсахуа ажәҩан иаҵоуп имааԥсо. Ажәҩан. Имҳәа-мырза шаҟа гәыӷра уи иадаҳҳәалоузеи! Ҳгәы иҭакқәоу, лымкаала ҳзыхьӡарц ҳҭаху рынагӡара хыхь иҟоу амчқәа ирыдаҳҳәалоит.
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы ажәҩан ԥшьоуп. Уоуп ауаҩы дызшаз, ихылаԥшуа Анцәа ду иаҳҭынра ахьыҟоу. Уимоу, аԥсуаа ҳҿы акырӡа аларҵәара рымоуп: "Ажәҩан узылыԥхааит", "Ажәҩан алԥха уоуааит" - реиԥш иҟоу азеиӷьашьарақәа.
Ажәҩан иахҳәаау жәлар ражәаԥҟақәа иреиуоуп: "Ажәҩан аԥсаатә ирымҩоуп", "Ажәҩан хтымзар, амра зыԥхом", "Ажәҩан аеҵәақәа ирҭыԥуп", "Ажәҩан уаҵаԥшцәаргьы, ухылԥа ухшәоит".
Ажәҩани ауаҩи реиҿырԥшра
Аԥсуаа ражәаҳәаҿы ауаҩи ажәҩани реиҿырԥшра ахархәара аҭыԥ амоуп. Урҭ аиҿырԥшрақәа хадаратәла ауаҩы игәалаҟара, ихымҩаԥгашьа, иҭеиҭыԥш адырбоит.
Ажәҩан далоуп – иқәыԥшу, зыхшыҩ цқьа имшәыц, уск аҿгьы макьана зықәгәыӷра гәаӷьыуацәоу изкны ирҳәоит "ажәҩан далоуп" ҳәа. Урысшәала иуҳәар алшоит "несерьезный" ма "летает в облаках".
Ажәҩан далыҩрызшәа – дахьынтәааз, дахьаанагаз узымдыруа, иаалырҟьаны ауаҩы данухҭыгәла, абас изырҳәоит: "Ажәҩан уалыҩрызшәа, ара уабаанагеи" - ҳәа.
Ажәҩан дуӡӡа хылԥас ихоуп – аԥсабареи ауаҩи реиҿырԥшра даараӡа ахархәара амоуп аԥсуа жәлар рашәақәа рҿы.
Уи атәы дырҵабыргуеит абарҭ ацәаҳәақәа:
"Адгьыл дуӡӡа шьапыс иҵоуп,
Ажәҩан дуӡӡа хылԥас ихоуп,
Амшын дуӡӡа гәыс изҭоуп,
Амра дуӡӡа блас ихоуп".
Ажәҩан даҵакьысуеит – ауаҩы ҳаракы изкны абас рҳәоит.
Ажәҩан дхалоит – мыцхәы игәырӷьо, абзиа иақәшәаз ауаҩы данарбоит.
Владимир Анқәаб иҩымҭақәа руак аҿы абас иҩуеит:
"Иааигәаԥхаз илымшо акыҟаӡам:
Ашәҭқәа дырхашәаҳәо иааигәыдкыла,
Ажәҩан ахь дхалоит минуҭк ала".
Ажәҩан ахь дхаргалоит – инамыцхәны изыхәҭаӡамкәа идырҽхәо иоуп изызҳәоу.
Жәҩангәашәԥхьара збаз диҩызоуп; Жәҩангәашәԥхьара ибеит, Жәҩангәашәԥхьара изаатит; Жәҩангәашәԥхьара изыҟалеит – дшымгәыӷӡоз анасыԥ бзиа иоуит, дманшәалахеит, гәырӷьарак дақәшәеит ауп иаанаго. Ашәҟәыҩҩы Нонна Џьынџьалԥҳа леизга "Абзиабара ашәа" аҟнытә абри аҩыза аҿырԥштәы уԥылоит: "Жәҩангәашәԥхьара аатны ԥааимбарк дылбаазшәа даацәырҵит уи аҽыуаҩ".
Жәҩанымзар, хыбра имам, дгьылымзар, цәардаӷә имам / Хыхь ажәҩан, ҵаҟа адгьыл ҳәа дыҟоуп – акымзарак имам, мамзар аӡәгьы димам ауп иаанаго.
Ажәҩани уи аҟазшьақәеи
Ажәҩан алахь еиқәуп - амш зеиԥшроу уазҳәо ԥсабаратә ҭагылазаашьоуп, амш аиласра иазҳәоуп.
Ажәҩан лагоит - зны-зынла ажәҩан алу ианадыркылогьы ыҟоуп, еиҳарак асы аураны ианыҟоу аамҭазы "ажәҩан лагоит" - рҳәоит.
Ажәҩан аҵа ԥжәеит – рҳәоит иааҟәымҵӡакәа ақәоурақәа ианыхҭарклак.
Ажәҩан лагоит, хыхь иҟоу ҵаҟа ицоит – амш бааԥс, адыд-амацәыс инамыцхәны ианыҟалалак аԥсуаа абас рҳәоит.
Ажәҩани жәлар разгәаҭарақәеи
Амраҭашәарахь ажәҩан анҵыблаа – ақәа иатәуп.
Дгьыли-жәҩани рыбжьара ацәаҟәа шаакыдлаз еиԥш иныҵаба ицазар – амш бзиахоит.
Аҟәараан рҽеизакны ажәҩан аҟны иҳаракны ианеилаҭыр – аԥша, амшцәгьа иазҳәоуп.
Ажәҩан аҿы амза ахаҿра аныхәашь – ақәа иатәуп.
Ажәҩан аҿы аеҵәақәа анаӷаха – амшцәгьа иазҳәоуп.