Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амамырџагә еиԥш": ауаҩи аԥсаатәи реиҿырԥшразы ажәақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукКонтактный зверинец в поселке Бзыбь Гагрского района
Контактный зверинец в поселке Бзыбь Гагрского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2022
Анапаҵаҩра
Ауаҩи аԥсаатәи реиҿырԥшразы аԥсуаа рхы иадырхәо ажәақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Зыԥсы ҭоу зегьы дара-дара еидҳәалоуп. Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи инадыркны ауаҩытәыҩса иҟынӡа ҳаззегь ҳазну аԥсабара ҳахәҭакуп. Аҵиаақәа ртәы ҳалацәажәозар, иҳәатәуп урҭ рыҿиараҿы аԥсаатә рыхәҭаа шалоу.
Аҵарауаҩ Пиотр Камшьышь-иԥа Кәыҵниа иусумҭақәа руак аҟны аҵиаақәа рзы абас иҩуеит: "Иҟоуп ажәлақәа аԥстәқәа ирықәу рхәы иалапаны иркыртә аиҿартәышьа змоу. Урҭ аԥсаатә рхәы иалапоит, аԥстәы ахьцо иагоит, нас џьара иахькашәо иҿиоит аҵиаа ҿыц. Аԥсаатәқәа рԥыц икылакны ишырго ирыцәкашәо аџьрыцқәа, акаканқәа уҳәа ирхылҿиаауеит аҵиаа қәыԥшқәа".
Стая береговых ласточек возле своих гнезд на берегу водохранилища Новосибирской ГЭС. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2020
Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа
Аԥсабара зырԥшӡо, изырблахкыго аԥсаатә ирхуҳәааша ҵҩа рымам. Еиҳаракгьы, аинтерес аҵоуп аԥсаатәи ауаҩи реиҿырԥшра аганахьала уаназааҭгыло. Ҳрыхцәажәап акык-ҩбак аҿырԥштәқәа.
Аҟәиҭ (снегирь обыкновенный -азгә.) Икьаҿуп, аха аԥыц шәпоуп, акырӡа иԥшӡоу ҵысуп. Фатәыс ирымоу бнатә шәыруп. "Ҟәиҭ-ҟәиҭ" ҳәа абжьы аргоит азыҳәан акәхап ари аҵыс аҟәиҭ захьӡхалазгьы. Иара ахаҭагьы ҭынчуп, аисра, азыҵҟьара злоу ҵысым.
Иҭынчу, мыцхәы зыбжьы змырго, мамзаргьы згәалаҟара ыҟамкәа зылахь еиқәу ауаҩы "дҟәиҭуп" ҳәа изырҳәоит ма "иҟәиҭ-ԥсиҭ" уаҳауам рҳәоит. Ажәа "аҟәиҭ-ԥсиҭ" аԥсабара аҭынчра аарԥшраҿы ахархәара ҭбаа амоуп. Иаагозар:
Аӡышьшьы иаҩызаха, аҟәиҭ-ԥсиҭ ыҟамкәа, иқәшьшь ицо аҵх далаӡырҩуа, аԥенџьыр азааигәара акаруаҭ аҿы диоуп Басиаҭ. (Џьума Аҳәба иажәабжь "Ахьча иҳаҭхәыжә" аҟнытә)
Аҟәиҭ-ԥсиҭ ыҟамкәа, аԥсы ӡаны, ашьшьыҳәа ицоит аӡыхь. (Џьума Аҳәба ироман "Алахәыла" аҟнытә).
Концерт Абхазского государственного ансамбля народного танца Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2022
Аԥсны
"Аҟәараса даҩызоуп", "Ҷынҷак даҟароуп": аԥсаатәи ауаҩи реиҿырԥшразы ажәақәак
Аӡиуоу (авдотка - азгә.) ашьапызаҵә акыр еиԥшуп, аха аӡиуоу аԥыц еиҳа икьаҿуп, аварақәа шкәакәоуп, азқәа ажьакца ԥшшәы амоуп, аҵыхәа кьаҿуп. Ҽынла зҽызҵәахуа, уахынла ицәырҵуа ԥсаатәуп. Аҵарауаа ишышьақәдыргылаз ала, хыԥхьаӡарала имаҷуп. Фатәыс иамоуп уахынла ицәырҵуа ахәаҷа-маҷақәа.
Иара аҽышьҭакны иԥыруеит, агылашьеи аныҟәашьеи рацәак иласым аҟнытә аилҟьара згу ауаҩы изкны тәамбашақә абжьыуаа рҿы ирҳәо исаҳахьеит "дӡиуоуӡа дыҟоуп" ҳәа.
Ҽынла уаҩы иахьимбо азы акәхап аӡиуоу захьӡу аԥсаатә даҽакала "аҩсҭаа икәты" ҳәагьы изашьҭоу.
Аҟармаҵыс. Соловей бульбуль (Hypsipetes crassirostris) на острове Ла Диг (Республика Сейшельские острова) - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2022
Аԥсны
"Аҟарма иазҳауанаҵы ашәа аҳәоит": аԥсаатәқәа ирыхҳәаау ҳәамҭақәак
Амамырџагә (белоголовый сип, гриф - азгә.) акырӡа идуу ԥсаатәуп. Аԥсыцәгьақәа зегьы ирылҳәҳәоит. Афатә иақәшәар, аԥсы цәгьаны крафоит. Аԥыц ҵарӡа иҟоуп, ахи ахәдеи ахьеимадоу ицәҳәуп, амҵәыжәҩақәа гәаҩоуп, идуӡӡоуп. Ажәҩан агәы аҽадкыланы иԥыруеит, абла ҵарқәа ахоуп. Фатәыс иамоуп аԥсхаԥсжьы.
Уазыԥшӡамкәа, иаалырҟьаны аӡәы угәы ҭиҟьазар, "амамырџагә еиԥш ушԥаасызкылҟьеи" рҳәоит абжьыуаа ражәаҳәаҿы.
Аматериал аиқәыршәараҿы хархәара аҭан аԥсабараҭҵааҩы Бӷажәба Михаил Ҭемыр-иԥа ишәҟәы "Ардәына ашәа аҳәоит".
Ажәабжьқәа зегьы
0