Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҟәараса даҩызоуп", "Ҷынҷак даҟароуп": аԥсаатәи ауаҩи реиҿырԥшразы ажәақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт Абхазского государственного ансамбля народного танца "Кавказ"
Концерт Абхазского государственного ансамбля народного танца Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аԥсаатәқәа аҟәарасеи аҷынҷеи ирзылкуеит.
Егри Ԥсоуи ирыбжьанакыз аԥсуа дгьыл, ашьхақәеи Амшын еиқәеи зҿыкәыршәоу, шәаԥыџьаԥла иҭалаҳау, икаԥха-каҷҷо амра зқәыԥхо ари адгьыл ԥсы зхоу рыҿиаразы зеиӷьаҟам ҭыԥ ссирны ҳазшаз иҳанеишьеит.
Ҳҳәынҭқарра иаҵанакуа аԥсабара ахьынӡанаӡааӡо иҟоуп хкы рацәала аԥсаатә. Аԥсаатәқәа рыхьӡқәа, рсахьақәа, рҟазшьақәа ҳахдырра иаласоуп, урҭ рӷьырак еиҿырԥшра ҳасабала ауаҩы идаҳкылоит.

Аҟәараса

Зҟазшьа бзиоу дырҽхәаны ианихцәажәо ирҳәоит: "Аҟәараса даҩызоуп, уаҩы диԥырхагам" ҳәа. Уи ажәа зҳәаз, аҟәараса аԥшӡареи аҟазшьеи еилкааны акәхап ишиҳәаз. Ҟәараса ԥҳәыс хьӡуп. Иара ахаҭа аҳәыҳәқәа ирыжәлантәу бнатә ԥсаатәуп.
Модели в национальных костюмах - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2020
"Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп": аԥсуа ԥҳәызба лҭеиҭыԥш иахҳәаау ажәақәа
Ҭеиҭыԥшла аҳәыҳәи аҟәарасеи акырӡа еиԥшуп, амала, ишазгәарҭо ала, аҟәараса цәхаԥшьуп, иӷроума уҳәаратәы иҟоуп. Агәышҵа, ахәда, алакҭа, аԥыц уҳәа цәышкәакәоуп. Ашьапқәа ҟаԥшьуп, аԥыц аҳәыҳә аԥыц аҵкыс еиҳа иауп. Аԥсабараҭҵааҩы Бӷажәба Михаил Ҭемыр-иԥа ишәҟәы "Ардәына ашәа аҳәоит" аҿы аҟәараса урысшәала "горлица" ҳәа иаирбоит.
Ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба "Аҟәараса" зыхьӡиҵаз иажәабжь аҿы иҩуан:
"Аҟәараса ҳәа изышьҭоу аԥсаатә еиҳарак ауаҩы илаԥш иҵашәоит ааԥын. Ацәаӷәарақәа, алаҵарақәа раан амхырҭақәа рыхтәалара бзиа иабоит. Анхаҩы, ацәмаа кны, адгьыл еиҩырсса ицәаӷәо даннеиуа, аҟәараса ацәаӷәашьҭа ихыланы, икәаԥкәаԥуа инаишьҭалоит. Аҟәараса ацәмаа кны инеиуа игәыбылра амоушәа, ибжьы иацәшәаӡом, иааигәаны аӷьара иқәтәоит. Аха аԥсабара иашаз аԥшӡара бзиа изымбо, уи зыцәтәыму аӡәы иакәымзар, анхацәа аҟәараса ахаҳә агәыдырҵомызт, идыршәаӡомызт".
Аҟәараса ԥсаатәк аҳасабала аӡбахә алацәажәара иацҵо, сеиҳабацәа рҟнытә слымҳа иҭаҩхьаз ҳәамҭак абра иаазгоит.
© flickr.com / Peter WiltonКапская горлица
Капская горлица - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Капская горлица
Қыҭак аҿы инхон ҭаацәарак, аби аԥеи уаҳа ҭынха дрымамызт. Ус ишыҟаз, аб иԥазаҵә ԥҳәыс дааигеит. Даара ҭаца бзиахәк лакәын, илыхьӡын Ҟәараса. Зажәа кьаҿыз, аха зоура дууз аӡә лакәын Ҟәараса, деилҟьаӡа аҩны дыҩнан. Лабхәа иҿаԥхьа дагьтәомызт, дагьцәажәомызт.
Мышкы зны ари аҭаацәара даҭааит сас-даӷьк. Ҟәараса дааласны аишәа лырхеит, абысҭа лун, акрыкнылхт. Нас асас инапы илырӡәӡәарц аԥҳал лыман дшааиуаз акәымкәа, ашәхымс длахҟьашан лабхәеи асаси рҿаԥхьа дкаҳаит. Ари аҭаца цәгьа иԥхалшьан, али-ԥси рыбжьара дыԥсаатәхан ажәҩан ахь дыԥрит. Иԥсаатәхаз аҭаца Ҟәараса шлыхьӡыз иаанхеит.
Аҵарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2019
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи
Алитератураҿы ари аԥсаатә асахьа еиҿырԥшра ҳасабала рхы иадырхәахьеит ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы:
Кәына - дҭынчын, дцәажәозаргьы хрыжь-хрыжь, дныҟәозаргьы ҭынч-ҭынч аҟәараса еиԥш ирсса-рссаны. (Б. Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҟнытә).
Уажәраанӡа аҟәараса еиԥш зхы ларҟәны игылаз, ахьшьыцба хы аашьҭылԥааит, лгәы шизыԥжәаз лыблақәа ирхубаауа днеизыԥшит… (Шь. Аџьынџьал ироман "Аҳәа зыҟәну аџьныш" аҟнытә).

Аҷынҷа

Аҷынҷа зегьы еицырдыруа ҵысуп. Ахаҭа хәыҷуп, аха "аҳәа зыҟәну" ҳәа ирыԥхьаӡоит. Иҷырҷыруа ашәа анаҳәо, абжьы даара акыр инахараны инаҩуеит. Аҷынҷа анхаҩы изааигәаны ԥхьарҭас иамоуп. Ҟазшьала зхы змакәачроу ҵысуп – аҵыхәа акьаҿра ԥынкӡакәа есқьынгьы икьацәӡа ишьҭыхны иакуп. Егьырҭ, иара аҵкыс еиҳау аԥсаатәқәа ирҿапаӷьны ирзыҵҟьоит, исыршәоит ҳәа. Грас иамоу, иззыҵҟьо хәҷык аҽанарҵысы, иара ныҵашәкәа ицоит.
Аҷынҷа (урыс бызшәала "крапивник") иахҳәаау жәаԥҟақәоуп: "Аҵарақәа зегьи ҵәит анырҳәа, аҷынҷагьы ҷит аҳәеит", "Аҷынҷа абымбыл ианыладыртәа, абӷьыжә иаҳәон", "Аҷынҷагьы аҵарақәа ирхыԥхьаӡалоуп", "Аҷынҷа абымбыл ианыладыртәа, ашыцламшә иазыҩуан".
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа ажәаԥҟақәа рҵакы аԥсуаа рҿы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа ажәаԥҟақәа рҵакы аԥсуаа рҿы
Уаҩы имаабуа, зҭаҷкәым раҵәаны изку, аха зымч кәадоу ауаа алафҳәацәа ихыччаны ирҳәоит: "Дҷынҷоуп, иҭаҷкәымгьы алшаразы алаҳабаа иаҩызоуп", иара убас рацәак зоура дуумхаз ауаҩы изгьы ирҳәалоит "ҷынҷак даҟароуп" ҳәа.
/Аматериал аҩраҿы хархәара азун аԥсабараҭҵааҩы Бӷажәба Михаил Ҭемыр-иԥа ишәҟәы "Ардәына ашәа аҳәоит"./
Ажәабжьқәа зегьы
0