Аԥсны

Делба еиҭеиҳәеит Аԥсны аекономикатә лшарақәа зырҿиар алшо амзызқәа

Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аҳәааҭыгареи-аҳәаанырцәынтәи аоперациақәа рыцҵара, атранспорт-логистикатә мҩақәа, ацифро-технологиатә ҿыцрақәа Аԥсны аекономикатә лшарақәа дырҿиар алшоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аекономика шьҭызхуа аекономикатә модельқәа ҿыцрас иалоу азгәаҭара, абиуџьеттәи, аԥара-кредиттә политика аиӷьтәра, аинвестициақәа радыԥхьалара-абарҭқәа роуп аекономика аҿиара иацхраауа", - иҳәеит Делба.
Иара иазгәеиҭеит, иахьатәи аекономикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәа Аԥсны иадԥхьалахар шалшо.
"Иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа иахьԥшны змилаҭтә интересқәа зыхьчо, ихьыԥшым аекономикатә политика мҩаԥызго аҳәынҭқаррақәа русацуразы амҩақәа ԥшаатәуп",- иҳәеит Делба.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 14-17 рзы Петербург ақалақь аҟны.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит 1997 шықәса раахыс, 2006 инаркны иара хылаԥшра аиҭоит, ихгьы алаирхәуеит Урыстәыла ахада.
Афорум - адунеи аусутә гәыԥқәа рыбжьара кыр зҵазкуа хҭысуп. 2022 шықәсазы 131 тәыла рҟынтәи 14 нызқьҩык рхы аладырхәит.