Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукАэропорт "Сухум" им. В.Г. Ардзинба
Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Аԥсны аганахьала - аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра.
Аиқәшаҳаҭра еиқәнаршәеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара анапы иануп урыстәылатәи аилахәыра.
"Аиқәшаҳаҭра усҟак имариоу ак акәым. Аобиект аиҭашьақәыргылара зегьы - ашьҭыԥраара-атәаратә цәаҳәа, иахәҭоу амаругақәа, атерминал аргылара, абри зегьы мҩаԥыслоит хаҭалатәи аинвестор ихарџь ала, афедералтә биуџьет аҟынтәи аԥара аламгалакәа", - ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Максим Решетников.
Иара инаҵшьны иҳәеит аҩганк рхахьы ахыдҵақәа шыргаз: Аԥсны - афымцамчтә инфраструктуразы иахәҭоу зегьы шыҟанаҵо, адгьыл азҵаара шаӡбо, Урыстәыла - аинвестори аԥснытәи агани ишрыбжьаҟазо.
Иинвесторцәахарц зылшо рзы аицлабра амҩаԥгаразы аԥҟарақәа шьақәнаргылоит аиҳабырабжьаратә комиссиа. Решетников иара убас иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза иабзоураны аԥхынра агәаранқәа ахьырацәоу аҳәаақәа ирықәу аидара рықәхра шалшо, атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара ишацхраауа.
"Аҳаирбаӷәаза даара аурыс ган иаҭахуп, уи Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ацымхәра ухы иаурхәар ҟалоит", - иҳәеит иара, иагьациҵеит рнапы зҵарҩыз адокумент аиԥш зеиԥшу шыҟам.
Аҳаирбаӷәаза аартра ҿҳәарас иамоу атәы ҳәо, аминистр иазгәеиҭеит макьана ишзаацәоу уи атәы аҳәара, уи аинвестор даналырхуа изхәаԥшуа азҵаара шакәхо.
"Сара аҿҳәарақәа ртәы сызҳәом, аха ҩышықәса ирылагӡаны иҟаҵазар бзиахон", - иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0