Аԥсны

Амшцәгьақәа аџьықәреилаҵара иаԥырхагахеит Гәдоуҭа араион аҟны

Есышықәса ишазгәаҭоу ала, Гәдоуҭа араион аҟны 2200 гектар инареиҳаны адгьыл рцәаӷәоит аџьықәреи алаҵаразы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, рашәара 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Амшқәа рыманшәаламра иахҟьаны абжьааԥны есышықәса Гәдоуҭа араион аҟны иларҵоз аџьықәреи иаҿурԥшуазар, сынтәа акыр еиҵахоит. Абри атәы иҳәеит ақыҭанхамҩазы араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарацхьелиа араион ахадараҿ имҩаԥгаз аилатәараҿы.
"Иахьазын 1200 гектар адгьыл цәаӷәаны ишьҭоуп. Ҵыԥх уажәааны 1476 гектар цәаӷәан, 444 гектар аџьықәреи лаҵан. Алҵшәақәа ҳдыргәырӷьаратә иҟам иахьа хә-гектарк мацара ахьыцәаӷәоу Калдахәара ақыҭан, ҵыԥх уажәааны уаҟа 20 гектар адгьыл цәаӷәан, Жәандәрыԥшь - 15 гектар цәаӷәоуп, ҵыԥх уажәааны 45 гектар рцәаӷәахьан. Ҟәланырхәа 120 гектар ахьцәаӷәаз, сынтәа аа-гектарк цәаӷәоуп", - ҳәа адыррақәа ааигеит Кәарацхелиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, арҭ рҩызцәа алҵшәақәа зыхҟьаз иманшәаламхаз амшқәеи қыҭақәак рыҟны атракторқәа цәаӷәартә адгьылҭыԥқәа ахьыманшәалами шракәу.
Есышықәса ишазгәаҭоу ала, Гәдоуҭа араион аҟны 2200 гектар инареиҳаны адгьыл рцәаӷәоит аџьықәреи алаҵаразы.
Арадио
Чкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам