АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гагра аԥҳәыс дишьит ҳәа зыгәҩара ыҟоу Евгени Крылов иганахьала ихацырку ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Апрокуратура хада ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "а", "д", "к" ("Ауаҩшьра"), ахәҭаҷ 29 ахәҭа 3 ("Ацәгьоуразы ақәылара") рыла.
Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны, Крылов ижәны акаҳуажәырҭа "Дад" ахь днеины аамҭала уа инхоз Вардуш Егикиан гәҭакрыла дишьит, уи аԥхьа ирыбжьалаз ацәымӷра иахҟьаны Аԥҳәыс лхы акырынтә дасит, илиҭаз ааха иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
Ишьақәырӷәӷәоуп ацәгьоуҩы акаҳуажәырҭа ахьчаҩ дгәеиҭеит ҳәа, уи аихатәы ҵәымӷалхгала иара диқәланы дишьырц игәы ишҭаз еиликааит. Ахьчаҩ уи диеисит, Крылов аахақәа ииҭеит, ихшыбаҩ ааха иманы ахәшәтәырҭахь днаган.