Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра мшаԥы 2 рзы иҟалаз ауаҩшьра аарԥшуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Акыр ихьанҭоу ацәгьоура - ауаҩшьреи ауаҩшьразы аҽазышәареи иаарласӡаны иаадырԥшит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Ацәгьоура ун мшаԥы 2 рзы Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿы иҟоу акаҳуажәырҭаҿы.
Ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь Гагратәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә усбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Гагра араион апрокуратура ашьусԥшааратә гәыԥ аусзуҩцәеи ишьақәдыргылеит 36 шықәса зхыҵуа Евгени Крылов асааҭ 02:30 рзеиԥш акаҳуажәырҭахь днеины аԥҳәыс гәҭакрыла дишьит уи аԥхьа ирыбжьалаз ацәымӷра иахҟьаны ҳәа. Лара лыхьӡ ашьаусԥшаара иаԥырхагамхарц азы идырзом. Ахаҵа аԥҳәыс лхы акырынтә дасит, илиҭаз ааха иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
Ишьақәырӷәӷәоуп ацәгьоуҩы акаҳуажәырҭа ахьчаҩ дгәеиҭеит ҳәа, уи аихатәы ҵәымӷалхгала иара диқәланы дишьырц игәы ишҭаз еиликааит. Ахьчаҩ уи диеисит, Крылов аахақәа ииҭеит. Аҵыхәтәантәи даанкылоуп, Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы апалата ҷыдаҿы дышьҭаҵоуп ихшыбаҩ ааха иманы.
Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "к", урҭ инарыцҵаны ахәҭаҷ 29 ахәҭа 3 рыла ихацырку ашьаус аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьаусҭҵаарақәа мҩаԥнагоит Гагра араион апрокуратура. Ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0