АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аибашьраан Аԥсуа радио ахь ажурналист Екатерина Бебиа лыхьӡала инашьҭыз ашәҟәқәа ирызку адокументалтә фильм аӡыргара мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны, рашәара 23 рзы.
Афильм ҭыхуп Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Мраҭашәартәи, Мрагылартәи афронтқәа рҟынтәи, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи Аԥсуа радио ахь ирыҩуаз ашәҟәқәа рышьаҭала.
Афильм аҟны изыԥхьаз ашәҟәқәа иреиуоуп ажурналист Анжела Қәыҷбериаԥҳа илыҩыз.
"Гәырҩала сҭәуп, схагахар ҳәа сшәоит. Убас Аҟәа гәхьаазгоит, знык сналаԥшындаз, нас сыԥсыргьы ҟалоит", - лыҩуеит лара.
Анжела лгәалашәарақәа рҟны еиҭалҳәоит марттәи ажәылара ашьҭахь илыцралаз ахьаа. Лажәақәа рыла, лара дгәыӷуан марттәи ажәылара ашьҭахь аибашьра еилгап ҳәа.
Аԥсуа радио амузыкатә редактор Елеонора Барцыцԥҳа афильм аԥҵара иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, аибашьра ашықәсқәа рахь дшыхынҳәыз.
"Ҳҭоурых аҿахәы зҳәо, ҳажәлар ирхыргаз аазырԥшо ашәҟәқәа наунагӡа аҭоурых иазынхоит. Исгәалашәоит, 30 шықәса раԥхьа афронт аҟынтәи иаҳзааргои, жәабжьс иҳаҳауеи, рыԥсы ҭаны иаарушь ҳәа ҳашышәзыԥшыз", - лҳәеит лара.
Афильм хыхәҭакны ишьақәгылоуп. Аибашьраан иҩыз ашәҟәқәа ирызкны адокументалтә фильм аԥҵара иацҵахоит. Анаҩстәи афильм арежиссиорс дамоуп Дауҭ Логәуа, аоператор Беслан Џьынџьал. Уи адагьы, хара имгакәа иҭыҵраны иҟоуп аибашьра иалиааз асаламшәҟәқәа еидызкыло ашәҟәгьы.