Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа

© Sputnik / Сария Кварацхелия В Гудауте прошли мероприятия, посвященные женщинам-участницам Отечественной войны народа Абхазии
В Гудауте прошли мероприятия, посвященные женщинам-участницам Отечественной войны народа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы иаадыртит ацәыргақәҵа "Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу" захьӡу, уа ицәыргоуп аибашьра иалахәыз аҳәса зну 200 фотосахьа.
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа аҩаша, рашәара 20 рзы.
Раԥхьа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵани Лаҭатәи арыцҳараан иҭахаз анышә иахьамадоуи ашәҭқәа шьҭарҵеит.
© Sputnik / Сария Кварацхелия Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа
Встреча женщин-ветеранов ОВНА и выставка фото погибших - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа
Анаҩс Акультура аҩнаҿы агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит. Уи аиҿкааҩ, амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҳәса рлагала макьана инагӡаны ахә шшьам.
"Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Гәдоуҭа еизеит араионқәа зегьы рҟынтә аҳәса, урҭ ар рымаҭәа наршәырҵан, рашьцәа инарывагылеит. Шәара шәгәымшәара иахьагьы ахә нагӡаны ишьам. Шәара шәфырԥҳәызбацәоуп, шәара шәеиқәырхаҩцәоуп. Ҳара иҳалшеит аибашьра иалахәыз 214-ҩык рсиа аиқәыршәара, аха ари асиа макьана ихыркәшаӡам, сгәанала. Аибашьра адәаҿы иҭахеит 24-ҩык аҭыԥҳацәа", - лҳәеит лара.
Аибашьра аветеран Лариса Ҭарԥҳа инаҵшьны илҳәеит шаҟа аҵак ду амоу Аԥсны зхы ақәызҵаз зегьы аӡә даанмыжькәа ргәаларшәара.
“Шәара ҳаԥсадгьыл аҭоурых аҿы шәаанхоит Аԥсны аиааира азаазгаз фырԥҳәызбацәаны, Ҳтәыла аӷа данақәла, шәара акы шәазымхәыцкәа шәашьцәа шәнарывагылеит. Аибашьраан 24-ҩык аҳәса ҭахеит. Даара иуадаҩуп рыӡбахә аҳәара, даргьы ирҭахын аԥсҭазаара. Аӡәырҩы рыԥсҭазаара иалҵит аибашьра ашьҭахь, ироуз ахәрақәа ирхырҟьаны. Хашҭра рықәымзааит. Ауаҩы иԥсы ҭоуп дыргәалашәонаҵы. Агәалашәара ыҟамзар, ауаҩгьы дыҟам ауп иаанаго", - лҳәеит Ҭарԥҳа.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба еибашьуаз аҳәса иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз агәымшәаразы, ҳаибашьцәа рыԥсҭазаарақәа ахьеиқәдырхоз азы.
“Ирҳәоит, зашьа дҭахаз аԥҳәызба адгьыл лыҵабылуеит ҳәа. Шәара аӡә деилымхкәа зегьы шәашьцәа реиԥш ижәбон. Ргәалашәара кашәара ақәым аибашьраан иҭахаз афырхацәа", - иҳәеит Аҩӡба.
Агәалашәаратә хәылԥазы аҿы иқәгылеит актиорцәа, аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, авокалтәи ахореографиатәи ансамбльқәа.
Аконцерт ашьҭахь Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы иаадыртит ацәыргақәҵа "Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу" захьӡу, уа ицәырган аибашьра иалахәыз аҳәса зну 200 фотосахьа.
Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны асахьаҭыхыҩ Игорь Смыр ауаажәларра рахь ицәыригеит амемориалтә комплекс "Аиааира аԥааимбарцәа", уи Ешыра ахәаҿы, Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭа ҭыԥ иацәыхарамкәа.
© Sputnik / Сария Кварацхелия Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа
В Гудауте прошли мероприятия, посвященные женщинам-участницам Отечественной войны народа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа
Ажәабжьқәа зегьы
0