Аԥсны

"Акурорт Пицунда" хнызқьҩык инареиҳаны атуристцәа аҭаахьеит

Иааиуа амшқәа рзы "Акурорт Пицунда" иаҭаараны иҟоуп ҩнызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа. Заанаҵтәи иаанкылоу аҭыԥқәа рыла хыԥхьаӡара рацәала раара азгәаҭоуп ԥхынгәы, нанҳәамза, цәыббрамзазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа иалагазар хнызқьи бжаки инареиҳаны атуристцәа рыԥсы ршьахьеит еидҵоу апансионатқәа "Акурорт Пицунда" аҟны. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит акомплекс аиҳабы Фрикан Гәынба.

"Асезон ианалага инаркны 3600-ҩык атуристцәа ҳадаҳкылахьеит. Ҵыԥх уажәтәи аамҭазы 2000-ҩык ракәын иҟаз, ҵыԥхцәа - 6000-ҩык рҟынӡа. Ҩышықәса раԥхьа, апандемиа ашьҭахь ауаа еиҳа аԥсшьара ицон", - ҳәа иҳәеит Гәынба.

Иааиуа амшқәа рзы "Акурорт Пицунда" иаҭаараны иҟоуп ҩнызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа. Гәынба иажәақәа рыла, хыԥхьаӡара рацәала раара азгәаҭоуп ԥхынгәы, нанҳәамза, цәыббрамзазы.
Сынтәа апансионат аҟны аԥсшьараз рыхәқәа маҷк ишьҭыҵит. Уахыки-ҽнаки ахәԥса 1500-3500 мааҭ иаԥсоуп.
"Акурорт Пицунда" аиҳабы ишазгәеиҭаз ала, еидҵоу апансионатқәа хымԥада аиҭарҿыцра рҭахуп, быжькорпуск рҟынтәи хәба еиҭашьақәыргылоуп, иаанхаз ҩба хымԥада еиҭашьақәыргылатәуп. Акурорт аиҳабыра ашәҟәқәа дырмазеихьеит атәыла анапхгара рахь апансионаҭқәа рҭагылазаашьа аихьтәразы ацхыраара рырҭарц.
Аԥсны
Апансионат "Самшитовая роща" анапхгараҭаразы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура иаҭоуп