Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа рхы аладырхәит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа.
Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада Дмитри Федотов иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара ажәларқәа жәпакы рзы ишԥышәагахаз.
"Абри амш азы иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду зкьысыз зегьы. 1942 шықәса, аԥхынра Аԥсны ауааԥсыра еидгыланы рыдгьыл рыхьчон аӷа Аахыҵ Кавказҟа даамышьҭуа", - ҳәа иҳәеит иара.
Россотрудничество ахада Дмитри Федотов иҳәеит агәра ганы дшыҟоу, аҭоурыхтә хҭысқәа ргәалашәареи афырхацәа рхамшҭреи абиԥарала ишеимырдало.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи иахьатәи абиԥарақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду шрыдыркыло.
"Аҭоурых ииасыз аамҭа иатәны ианыҟам аамҭа ҳҭагылоуп. Аҭоурых иахьеи уаҵәи ираамҭахеит. Иахьа аҭоурыхтә политика, еиҿыркаауеит аҳәынҭқарратә идеологиа иахәҭакны иҟаларцаз. Асовет аамҭа ашьҭахьтәи атәылақәа релитақәак усҟантәи аамҭа рҽацәхьаркуеит", - ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа иажәахә аҿы иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду атема аԥсуа аҭҵаарадырра ишаныԥшуа.
Асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Максим Васков ажәахә ҟаиҵеит "Ҳабдуцәа-фырхацәа рымҩа. Украинатәи анеонацизм иаҿагыло аԥсуа еибашьцәа".
"Аҭоурых ациклтә ҟазшьа амоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь акырааҵуаны Аԥсны ауааԥсыра ҩаԥхьа анацизм иаҿагыланы Донбасс еибашьыр акәхеит. Донбасс еиқәшәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа дгьыл аҿы ашьа казҭәоз украинатәи анеонацистцәеи дареи", - ҳәа азгәеиҭеит Васков.
Иара убасгьы Донбасс аԥсуаа рабашьуеит "мхедриони" алахәылацәа ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.
Аконференциа мҩаԥнагеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра адгыларала.