https://sputnik-abkhazia.info/20230626/aibashra-dui-kavkaz-azy-aibashrei-aa-imaysit-aaaradyrrat-konferentsia-1046565111.html
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Кавказ ахьчарази: Аҟәа имҩаԥысит аҭҵаарадырратә конференциа
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Кавказ ахьчарази: Аҟәа имҩаԥысит аҭҵаарадырратә конференциа
Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду алагеижьҭеи 82 шықәса ахыҵреи Кавказ азы аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵреи ирызкыз "Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы... 26.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-26T17:30+0300
2023-06-26T17:30+0300
2023-06-26T17:36+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1a/1046549775_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_2effcc01e846b1b3c077ba8a8c03dc76.jpg
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа рхы аладырхәит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа. Бадраҟ Аҩӡба, SputnikАԥсны иҟоу Россотрудничество ахада Дмитри Федотов иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара ажәларқәа жәпакы рзы ишԥышәагахаз. Россотрудничество ахада Дмитри Федотов иҳәеит агәра ганы дшыҟоу, аҭоурыхтә хҭысқәа ргәалашәареи афырхацәа рхамшҭреи абиԥарала ишеимырдало. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи иахьатәи абиԥарақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду шрыдыркыло. "Аҭоурых ииасыз аамҭа иатәны ианыҟам аамҭа ҳҭагылоуп. Аҭоурых иахьеи уаҵәи ираамҭахеит. Иахьа аҭоурыхтә политика, еиҿыркаауеит аҳәынҭқарратә идеологиа иахәҭакны иҟаларцаз. Асовет аамҭа ашьҭахьтәи атәылақәа релитақәак усҟантәи аамҭа рҽацәхьаркуеит", - ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа иажәахә аҿы иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду атема аԥсуа аҭҵаарадырра ишаныԥшуа. Асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Максим Васков ажәахә ҟаиҵеит "Ҳабдуцәа-фырхацәа рымҩа. Украинатәи анеонацизм иаҿагыло аԥсуа еибашьцәа". Иара убасгьы Донбасс аԥсуаа рабашьуеит "мхедриони" алахәылацәа ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ. Аконференциа мҩаԥнагеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра адгыларала.
https://sputnik-abkhazia.info/20230622/azlatsazhasha-amoup-ayntylat-eibashra-du-aourykh-aar-ishrydyrkylo-iazkny--1046482883.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1a/1046549775_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_6ff469ecbbab89581ea705a840c008db.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Кавказ ахьчарази: Аҟәа имҩаԥысит аҭҵаарадырратә конференциа
17:30 26.06.2023 (ирҿыцуп: 17:36 26.06.2023) Аџьынџьтәылатә еибашьара Ду алагеижьҭеи 82 шықәса ахыҵреи Кавказ азы аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵреи ирызкыз "Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы рықәԥара" захьӡыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥысит.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа рхы аладырхәит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада Дмитри Федотов иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара ажәларқәа жәпакы рзы ишԥышәагахаз.
"Абри амш азы иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду зкьысыз зегьы. 1942 шықәса, аԥхынра Аԥсны ауааԥсыра еидгыланы рыдгьыл рыхьчон аӷа Аахыҵ Кавказҟа даамышьҭуа", - ҳәа иҳәеит иара.
Россотрудничество ахада Дмитри Федотов иҳәеит агәра ганы дшыҟоу, аҭоурыхтә хҭысқәа ргәалашәареи афырхацәа рхамшҭреи абиԥарала ишеимырдало.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи иахьатәи абиԥарақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду шрыдыркыло.
"Аҭоурых ииасыз аамҭа иатәны ианыҟам аамҭа ҳҭагылоуп. Аҭоурых иахьеи уаҵәи ираамҭахеит. Иахьа аҭоурыхтә политика, еиҿыркаауеит аҳәынҭқарратә идеологиа иахәҭакны иҟаларцаз. Асовет аамҭа ашьҭахьтәи атәылақәа релитақәак усҟантәи аамҭа рҽацәхьаркуеит", - ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа иажәахә аҿы иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду атема аԥсуа аҭҵаарадырра ишаныԥшуа.
Асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Максим Васков ажәахә ҟаиҵеит "Ҳабдуцәа-фырхацәа рымҩа. Украинатәи анеонацизм иаҿагыло аԥсуа еибашьцәа".
"Аҭоурых ациклтә ҟазшьа амоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь акырааҵуаны Аԥсны ауааԥсыра ҩаԥхьа анацизм иаҿагыланы Донбасс еибашьыр акәхеит. Донбасс еиқәшәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа дгьыл аҿы ашьа казҭәоз украинатәи анеонацистцәеи дареи", - ҳәа азгәеиҭеит Васков.
Иара убасгьы Донбасс аԥсуаа рабашьуеит "мхедриони" алахәылацәа ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.
Аконференциа мҩаԥнагеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра адгыларала.