Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Тҟәарчал Горки имҩаду аҟны игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәа рхыбқәа рыԥсахит

Горки имҩаду аҟны игылоу аҩнеихагылақәа рхыбқәа ԥсахын 20 шықәса раԥхьа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тҟәарчал Горки имҩаду аҟны игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәа рхыбқәа рыԥсахра ахыркәшарахь инеит, абри атәы иҳәеит ООО "Стройдом" аиҳабы Раули Шамугиа.
Иара иажәақәа рыла, ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәа уаанӡа ажәытә шиферқәа рыла ихыбын, ианԥҽы ақәа ркылсуа иалагеит.
Аусурақәа 98% инагӡоуп, аусуцәа ирзаанхаз аӡыршьҭратә трубақәа аҭара ауп ҳәа иҳәеит Шамугиа.
Тҟәарчал ақалақь аҟны зегь раасҭа ауаа рацәа ахьынхо хыброуп Горки имҩаду аҟны игылоу хәбаны еихагылоу аҩны, ахыб аҵакыра 1464 метра ԥшьаркца ыҟоуп.