АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Иван Иунака Гагреи апринц Александр Ольденбургтәи иҭаацәареи ирызку иархив ҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны, рашәара 28 рзы.
Аиҿкааҩ Хьыбла Возԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа 2023 шықәса рашәара 1 азы Гагра иаартын, Гагра аҳауаҭагылазаашьатә станциа 120 шықәса ахыҵра иазкны. Ацәыргақәҵа автор – Гагра инхо атәылауаҩ Баҭал Берзениа.
"Ари ахҭыс ахь ҳкомандагьы наԥхьан, аха уи аҽны ауснагӡатә рацәа ахьазыԥхьагәаҭаз иахҟьаны ҳзымцеит. Анаҩс Баҭал Берзениеи ҳареи ҭелла ҳаицәажәараан идаагалеит аретро-фотосахьақәа Аҟәаҟа иааигаразы. Иара дақәшаҳаҭхеит. Иахьа арҭ аҭыхымҭақәа Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи ирбоит", - лҳәеит Возԥҳа.
Зынӡа иҟоуп 50 фотосахьа - Гагра ХХ ашәыш. Иван Иунака Гагреи апринц Александр Ольденбургтәи иҭаацәареи ирызку иархив ҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны, рашәара 28 рзы.
Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа рҽазыршәеит усҟантәи аҭагылазаашьа аарԥшра. Уи аҟны ацхыраара ҟарҵеит "Аҟәатәи авинтажтә клуб" алахәылацәа, амодерн аепохаантәи ацәамаҭәала еилаҳәаз.
Ковач ихьӡ зху амузыкатә школ аҵаҩцәа ракәзар аскрипкаҿ иадырҳәеит аклассикатә музыка арҿиамҭақәа. Возԥҳа ишазгәалҭаз ала, ацәыргақәҵа мышкала иаҭааит шәҩык рҟынӡа. Иара аартызаауеит ԥхынгәы 3 рҟынӡа.
"Арҭ афотосахьақәа уанрыхәаԥшуа иубоит дара ирныԥшуа аԥшӡара хымԥада ишеиқәырхатәу. Акраҵанакуеит акурорт шыҟоу ааныжьра. Хымԥада ақалақь ахаҿра шыҟаз иҟазароуп", - лҳәеит лара.
Акультуратә хҭыс харҭәаахеит Камантәи аберҭыԥ аиҳабы аб Игнати ихатә архивтә фотосахьақәа. Арҭ афотосахьақәагьы Романовааи аԥсуа аҳцәа Шервашиӡе-Чачааи ирыдҳәалоуп. Еиҳа инарҭбаау ацәыргақәҵа еиҿкаахараны иҟоуп жьҭаарамзазы.