Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акурорт Гагра аартраз иҟаҵаз араӡны жетон Аԥсныҟа иааргеит

© Foto / Администрация Гагрского районаСеребренный жетон, отчеканенные в 1903 году к открытию Курорта Гагра
Серебренный жетон, отчеканенные в 1903 году к открытию Курорта Гагра - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
Анапаҵаҩра
1903 шықәсазы Гагратәи аҳауатә станциа аартра иазку араӡны жетон Аԥсны Абанк иарҭоит.
АҞӘА, абҵара 26-Sputnik, Бадри Есиава. 120 шықәса раԥхьа акурорт Гагра аартраз ичаԥаз араӡны жетон Аԥсныҟа иааргеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада азинтә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩ Баҭал Берзениа.
Иара иҳәеит арҭ рҩызцәа ажетонқәа шҭыжьыз гагратәи аҳауатә станциа ашьаҭаркҩы, апринц Александр Ольденбургски инапынҵала.
1903 шықәса ажьырныҳәа 9 рзы Аҳауатә станциа аарҭра иалахәыз асасцәа ԥыҭҩык ажетонқәа гәаларшәагак аҳасаб ала ирыҭан. Иахьазы еилкаам заҟа житон ҟаҵаз.
"Ҳақалақь аҭоурых ҳазҿлымҳауп, изныкымкәангьы ажетонқәа рыӡбахә ҳаҳахьан. Араион анапхгара раԥшьгарала акурорт ашьаҭаркра 120 шықәса ахыҵра амш инадҳәаланы ҳашьҭалеит урҭ иреиԥшу рыԥшаара аҭыжьразы. Анцәа иџьшьаны аинтернет-аукционк аҿы ажетон ахаҭа шырҭиуаз ҳақәшәеит. Иаахәаны Аԥсныҟ аиаагеит мчыбжьык аԥхьа", - ҳәа еиҭеиҳәоит Баҭал Берзениа.
Емма Анненковои Иури Голикови рышәҟәы "Гагра – Амшынеиқәатә Ницца" ишаҳәо ала, гагратәи аҳауатә станциа аартраз аныҳәа ҩымш имҩаԥысуан. Аныҳәа иалахәын Адгьылхархәареи аҳәынҭқарратә мазареи рминистр А.С. Ермолов, Афон ҿыцтәи аберҭыԥ ахаҭарнакцәа, уҳәа асасцәа рацәаҩны.
Ашәҟәы авторцәа иара убасгьы ирыҩуеит, аныҳәа шхацыркыз ашьыжь ажьырныҳәа 9 1903 шықәсазы апринц Александр Ольденбургскии иԥшәмаԥҳәыс Евгениа Ольденбургскии зхадараҿы иҟаз ауаа рацәа злахәыз, еиҭашьақәыргылаз ауахәамеи асасааирҭеи рыԥшьарала. Анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь асасцәа шьыжьхьахьы инаԥхьан. Уаҟа апринц хаҭала асасцәа агәаларшәагатә житонқәа ҳамҭас ириҭеит. Ажитонқәа ганкахьала аҩыра рнын "Гагра 1903 ш." ҳәа, егьи аганахь ала апринц имонограмма - "А.П.О".
Берзениа иҳәеит араӡны жетон уажәы араион ахада Иури Ҳагәышь икабинет аҿы ишыҵәаху, уи аҭоурыхтә артефакт "Аԥсны аԥара Амузеи" иеиҭараны дшыҟоу акурорт Гагра аԥҵара аиубилеи аназгәарҭо аламҭалаз.
Берзениа иара убасгьы иазгәеиҭеит, Гагра иадҳәалоу аҭоурыхтә маҭәарқәа рыԥшаара аԥхьаҟагьы ишымҩаԥыргало.
Ажәабжьқәа зегьы
0