https://sputnik-abkhazia.info/20230601/gagra-akurort-120-shysa-akhyra-azgareit-1046126774.html
Гагра акурорт 120 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
Гагра акурорт 120 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа 9 1903 шықәсазы апринц Александр Олденбургтәи еиҿикаауеит Гагратәи аҳауаҭә станциа. 01.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-01T23:20+0300
2023-06-01T23:20+0300
2023-06-02T16:17+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
гагра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/01/1046123211_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_2ef3f620d5b04ce8d7ceb11335be78f7.jpg
ГАГРА, рашәара 1 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра акурорт 120 шықәса ахыҵра азгәарҭеит аԥшьаша, рашәара 1 азы.Аныҳәатә программа шьақәгылан аклассикатә музыкатә концерти афотоцәыргақәҵеи рыла. Амодерн аамҭазтәи аҭагылазаашьа аадырԥшит уи аамҭа иаҵанакуаз амаҭәа шкәакәала зҽеибыҭан инеиз, аҟәатәи авинтаж клуб алахәылацәа.Санкт-Петербургнтәи иааз асахьаҭыхыҩ- амодельер Вероника Алексеева ишеиҭалҳәаз ала, лара дызлоу "Друзей дома Ольденбургского" аилазаара Гагратәи аҳауатә станциа ашьаҭаркҩы Александр Олденбургтәи игәаларшәара аҳаҭыр азы иааиԥмырҟьаӡакәан акциақәа мҩаԥыргоит.Шәышықәса инареиҳаны Гагра асахьақәеи апринц Олденбургтәи иҭаацәеи иареи рфотосахьақәа ҭызхоз Иван Иунака иҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаала ҟаҵаны ацәыргақәҵа еиҿикааит асоциалтә ҳақәа рыҟны Prince_oldenburgsky_official ҳәа адаҟьа змоу Баҭал Берзениа.Иара иажәақәа рыла, ацәыргақәҵаҟны иҟан Иунака иусумҭақәа 50 рҟынӡа."Ари адаҟьаҟны иҭагалоуп афотосахьақәа рацәаны, аха аиҳарак автор деилкааӡам. Ари ацәыргақәҵаҿы иҟоу афотоқәа зегьы Иунака иусумҭақәа роуп. Сара иахьынӡасгәалашәо, иара Аԥсныҟа дааит Тҟәаԥсынтәи. Аамҭақәак ара дыҟан аусгьы иуан. Гагра иара ихатәы афотостудиа иман, ареволиуциа ҟалаанӡа Урыстәыла", - ҳәа иҳәеит Берзениа. Гагра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганба лажәақәа рыла, Гагратәи аҳауатә станциа аартын ажьырныҳәа 9 1903 шықәсазы, аха аиубилеитә рыцхә азгәарҭырц рыӡбеит аԥхын раԥхьатәи амши акурортә аамҭа алагамҭеи рзы.Гагра иаланхо зегь рзы ари арыцхә акыр аҵанакуеит, уи амш инаркны ауп ақалақь акурорт ҳасабала аҭоурых ахы анакыз.Аныҳәа аҳаҭыр азын еиҿкааз аконцерт алагамҭаз, амҩаԥгаҩ иааркьаҿны дазааҭгылеит Гагра аҭоурыхи аҳауатә станиа аартреи ртәы.Аныҳәа хдыркәшеит амшын аԥшаҳәаҟынтәи иоурыжьыз афеиерверкқәа рыла.Аҳауатә станциа аартра зыӡбаз аҳақьым Фиодор Пастернацки игәҭакы анагӡара идигалеит апринц Александр Олденбургтәи.Фиодор Пастернацкии апринци раԥхьаӡа акәны иаауеит 1899 шықәсазы. Аимператор Николаи II иҟынтәи аԥара рзоурыжьыртә иҟарҵеит, аҳҭынраҟны пату ду зқәыз Гьаргь Чачба ила.Уи ашьҭахь ԥшьышықәса ааҵхьаны акурорт аадыртуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20221126/akurort-gagra-aartraz-iaaz-arany-zhetona-asnya-iaargeit-1042823631.html
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/01/1046123211_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_d6ca8dd0adefabef35c15a44c0792ea2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, гагра араион
аԥсны, ажәабжьқәа, гагра араион
Гагра акурорт 120 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
23:20 01.06.2023 (ирҿыцуп: 16:17 02.06.2023) Ажьырныҳәа 9 1903 шықәсазы апринц Александр Олденбургтәи еиҿикаауеит Гагратәи аҳауаҭә станциа.
ГАГРА, рашәара 1 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра акурорт 120 шықәса ахыҵра азгәарҭеит аԥшьаша, рашәара 1 азы.
Аныҳәатә программа шьақәгылан аклассикатә музыкатә концерти афотоцәыргақәҵеи рыла. Амодерн аамҭазтәи аҭагылазаашьа аадырԥшит уи аамҭа иаҵанакуаз амаҭәа шкәакәала зҽеибыҭан инеиз, аҟәатәи авинтаж клуб алахәылацәа.
Санкт-Петербургнтәи иааз асахьаҭыхыҩ- амодельер Вероника Алексеева ишеиҭалҳәаз ала, лара дызлоу "Друзей дома Ольденбургского" аилазаара Гагратәи аҳауатә станциа ашьаҭаркҩы Александр Олденбургтәи игәаларшәара аҳаҭыр азы иааиԥмырҟьаӡакәан акциақәа мҩаԥыргоит.
"Абри азын Гагра ҳара иаҳзааигәоу ҭыԥны иҳаԥхьаӡоит. Ажәытә фотосахьақәа ԥшааны, усҟантәи аамҭаз иршәыз иаҿырԥшны ҳаҵкқәа ҳӡахит. Иара убас, амузеи амш азы Аҟәа авинтажтә ныҟәара мҩаԥаагеит", - ҳәа лҳәеит Алексеева.
Шәышықәса инареиҳаны Гагра асахьақәеи апринц Олденбургтәи иҭаацәеи иареи рфотосахьақәа ҭызхоз Иван Иунака иҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаала ҟаҵаны ацәыргақәҵа еиҿикааит асоциалтә ҳақәа рыҟны Prince_oldenburgsky_official ҳәа адаҟьа змоу Баҭал Берзениа.
Иара иажәақәа рыла, ацәыргақәҵаҟны иҟан Иунака иусумҭақәа 50 рҟынӡа.
"Ари адаҟьаҟны иҭагалоуп афотосахьақәа рацәаны, аха аиҳарак автор деилкааӡам. Ари ацәыргақәҵаҿы иҟоу афотоқәа зегьы Иунака иусумҭақәа роуп. Сара иахьынӡасгәалашәо, иара Аԥсныҟа дааит Тҟәаԥсынтәи. Аамҭақәак ара дыҟан аусгьы иуан. Гагра иара ихатәы афотостудиа иман, ареволиуциа ҟалаанӡа Урыстәыла", - ҳәа иҳәеит Берзениа.
Гагра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганба лажәақәа рыла, Гагратәи аҳауатә станциа аартын ажьырныҳәа 9 1903 шықәсазы, аха аиубилеитә рыцхә азгәарҭырц рыӡбеит аԥхын раԥхьатәи амши акурортә аамҭа алагамҭеи рзы.
Гагра иаланхо зегь рзы ари арыцхә акыр аҵанакуеит, уи амш инаркны ауп ақалақь акурорт ҳасабала аҭоурых ахы анакыз.
Аныҳәа аҳаҭыр азын еиҿкааз аконцерт алагамҭаз, амҩаԥгаҩ иааркьаҿны дазааҭгылеит Гагра аҭоурыхи аҳауатә станиа аартреи ртәы.
Асценахь ицәырҵит аскрипка, асаксофон арҳәаҩцәа, Аԥсны аҟазаратә коллективқәеи ашәаҳәаҩцәеи. Дара инарыгӡеит аклассикатә музыкатә ԥҵамҭақәа, ирҳәеит аԥсышәала, урыс бызшәала, англыз бызшәала ашәақәа.
Аныҳәа хдыркәшеит амшын аԥшаҳәаҟынтәи иоурыжьыз афеиерверкқәа рыла.
Аҳауатә станциа аартра зыӡбаз аҳақьым Фиодор Пастернацки игәҭакы анагӡара идигалеит апринц Александр Олденбургтәи.
Фиодор Пастернацкии апринци раԥхьаӡа акәны иаауеит 1899 шықәсазы. Аимператор Николаи II иҟынтәи аԥара рзоурыжьыртә иҟарҵеит, аҳҭынраҟны пату ду зқәыз Гьаргь Чачба ила.
Уи ашьҭахь ԥшьышықәса ааҵхьаны акурорт аадыртуеит.