Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Ԥшь-километрак инарзынаԥшуа Кәыдры аӡыршьҭра дрыцқьеит

Аӡхыҵрақәа ааигәатәи ақыҭақәа рҟны аӡиас иаԥну анхарҭақәа ашәарҭара иҭадыргылон.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кәыдры аӡыршьҭра арыцқьареи ариашареи рзы аусурақәа ҩымз ирықәуп имҩаԥысуеижьҭеи.
Ари аамҭа иалагӡаны ԥшь-километрак инарзынаԥшуа аӡыршьҭра дрыцқьахьеит. Арҭ аусурақәа мҩаԥгатәхеит амшцәгьақәа рышьҭахь ақыҭақәа Уарча, Аӡҩыбжьа, Кациқыҭ аӡы ахьрыҵалоз азы.
Аусурақәа рзеиԥш хәыԥса 60 миллион мааҭ ыҟоуп.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа атеххылаԥшразы аҟәша аиҳабы Саид Саманба иажәақәа рыла, аӡы ауаа аԥхасҭа ду рнаҭон.
"Уажәы аӡыршьҭра ариашареи арыцқьареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит. Аусурақәа ҩымз ҵуеит ицоижьҭеи. Ахыркәшарахь инеиуеит. Ҩ-километрак зоура ыҟоу зыҭбаара 200 метра инаӡо аӡыршьҭра иаша ҟаҵахоит, аӡгьы аӷьырак иарала ицалоит. Аӡиас Гәылрыԥшь араион аԥшаҳәаҟынтәи ацентр ахь ииагахоит", - иҳәеит Саманба.
Аԥсны
Очамчыра араион ақыҭақәа фба амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит
Анардадаҩ Бенур Қәраа иажәақәа рыла, инагӡоу аусура амҽхак ҭбаауп. Аӡы аҵа иҭгоуп миллион кубометра рҟынӡа анышәи ахаҳәи.
"Ҩымз ҵуеит аус аауеижьҭеи. Автомобилтә цҳа инахыкны аҩада ҳхалоит. Ари аҭыԥ аҿы мызки жәамши ҵуеит аусура мҩаԥаагоижьҭеи. Аԥсны ахада Аслан Гьаргь-иԥа даҭааны иҟаҳҵоз ибеит. Уажә ҳазҿу аусурақәа рхарџьынҵагьы шьақәыргылам, аха урҭ рыда ԥхьаҟа ацара лҵшәадахон. Аекологцәеи аусбарҭеи рнапынҵала ҳаҿуп. Ахарџьынҵа ашьақәыргылара уадаҩӡам. Аӡыршьҭра аҭбаара 200 метра иҟоуп, аура - 2200 метра. Аҵаулара џьара-џьара х-метрак инеиуеит. Бжьаратәла миллион кубк рҟынӡа анышәи ахаҳәи ҭыгоуп", - иҳәеит иара.
Бенур Қәраа ишиҳәо ала, арыцқьаратә усурақәа еснагь имҩаԥгалатәуп, аӡиас аинерт материал рацәаны иахьаанаго аҟынтә..
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Бжьаниа Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рцашьа гәаиҭеит