Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Бжьаниа Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рцашьа гәаиҭеит

© Foto / пресс-служба Президента РАПрезидент Абхазии Аслан Бжания посетил место проведения берегоукрепительных работ на реке Кодор
Президент Абхазии Аслан Бжания  посетил место проведения берегоукрепительных работ на реке Кодор - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
Аақәаршҩы ӷәӷәақәа рышьҭахь Аԥсны аӡиасқәа лассы-ласс ихыҵоит. Анхацәа рыҩнқәа ирыҩналоит, рымхқәа, арахә, ацҳақәа агоит.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла мрагыларатәи ахәҭа агәаҭаратә ныҟәарақәа раан Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рцашьа гәаиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, ари аҩбатәи ҭыԥуп сынтәа аусурақәа ахьымҩаԥысуа, иазгәаҭоуп даҽа ԥшь-ҭыԥк рыҟны аиԥш зеиԥшу аусурақәа рымҩаԥгара.
"Ари аҭыԥ 1200 метра аҵанакуеит. Иҵегь аусурақәа мҩаԥгахоит Гәылрыԥшь араион аганахьала х-ҭыԥк рыҟны 700 метрак рҟынӡа. Иара убас аԥшаҳәа арӷәӷәара аҭахуп даҽа ҭыԥк аҟны - 650 метра рҟынӡа, уа аԥшаҳәаҟны афымцамҩангага цәаҳәақәа гылоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рымҩаԥгараз атәыла ахада ицхыраагӡатә фонд аҟнытә иазоужьуп 63 миллион мааҭ. Ҩымз раахыс аусурақәа цоит, даҽа убри ааҟара иадхалоит.
Аиԥш зеиԥшу аусурақәа мҩаԥган Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭа аганахьала, уа иазоужьын 15 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0