Аԥсны

Афымцастанциа маҷ "Дранда" Аинвестпрограмма иаларҵар ҟалоит

Астанциа маҷқәа "Дранда", "Агәыӡера" Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи Кациқыҭ идыргыло ацрыҵкьакьақәа рполигони лашарала еиқәдыршәоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу астанциа маҷ "Дранда" Аинвестпрограмма иаларҵар ҟалоит.
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсны дахьынӡаҟоу абри аус далацәажәеит.
Решетников иажәақәа рыла, азҵаара Аенергетика аминистррахь ицәыргатәуп.
Аԥсны
Максим Решетников Бзыԥтәи астанциа маҷ даҭааит
Астанциа маҷқәа "Дранда", "Агәыӡера" Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи Кациқыҭ идыргыло ацрыҵкьакьақәа рполигони лашарала еиқәдыршәоит. Аҳаирбаӷәаза ареконструкциаз иаҭаххоит 4 мегаваттк. Аха уи цәшәарада уахь анашьҭра алшоит астанциа маҷ ареконструкциеи афымцацәаҳәақәа рымҩангареи рышьҭахь.
Ишьақәырӷәӷәоу 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограммаҟны арҭ аобиектқәа арбаӡам. Бжьаратәла афымцацәаҳәақәа реиҭарҿыцреи рымҩангареи 500 миллион мааҭ рҭахуп.
Аԥсны
Решетников Гәылрыԥшь араион аҿтәи аполигон аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит