Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Решетников Гәылрыԥшь араион аҿтәи аполигон аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Министр экономразвития России Максим Решетников прибыл в Абхазию
Министр экономразвития России Максим Решетников прибыл в Абхазию - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Акономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсны иҟазаараан даҭааны ибеит Аинвестпрограммала идыргылои ишьақәдыргылои аобиектқәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсны иҟазаараан даҭааны ибеит Аинвестпрограммала Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ идыргыло ацрыҵ кьакьақәа рполигон.
Ари Аԥсны ираԥхьатәиу гәамсамкаԥсарҭатә полигонуп. Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, аобиект ахышәаҵышәа 36 гектар иҟоуп. Ара иаздырхиахьеит ажра, ишьақәдыргылахьеит аилыршәшәаратә цәаҳәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Кациқыҭ агәамсамеизгарҭа аполигон
Мусорный полигон в Кацикыт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Кациқыҭ агәамсамеизгарҭа аполигон
"Аинвестпрограмма ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп арыцқьагатә ргыларақәа, амыругақәа. Урҭ аҿаҳҵахьеит. Аӡыцрыҵқәа зегьы арыцқьагатә ргыларақәа ирҭыслоит", - иҳәеит Агрба, иагьазгәеиҭеит уахь уназго амҩа аремонт шазырухьоу.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла, Кациқыҭтәи аобиект дотациатәуп.
Максим Решетников иазгәеиҭеит атуристтә обиектқәа ари амаҵзура ахәԥса ршәалар шакәу.
© Sputnik / Томас Тхайцук Решетников Гәылрыԥшь араион аҿтәи аполигон аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Министр экономразвития России Максим Решетников прибыл в Абхазию - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Решетников Гәылрыԥшь араион аҿтәи аполигон аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Кациқыҭтәи аполигон аргылара иалагеит 2021 шықәса ажьырныҳәамзазы. Уа аиларшәшәаратә цәаҳәа дыргылахьеит. Ацәаҳәа апроекттә лшамҭа - шықәсык аҩнуҵҟала 50 000 тонна азгәанаҭоит. Аобиект ахархәарахь ианрыҭахалак ашьҭахь арахь иааргалоит Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони рҟынтәи агәамсам.
Министр экономразвития России Максим Решетников прибыл в Абхазию - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Аԥсны
Максим Решетников Бзыԥтәи астанциа маҷ даҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0