АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа дыргылараны иҟоуп Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.
Атанк асахьа зауа амонумент дыргылоит аԥсуа еибашьцәа раԥхьа аҿагылара ахьыҟарҵаз аҭыԥ аҿы.
Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал иажәақәа рыла, уаанӡа ара ахаҳә шьҭан, анаҩс абаҟа аргылара азԥхьагәаҭан.
“Ҩышықәса раԥхьа ақыҭа ауааԥсыра аҵакыраҭыԥ аздырхиеит, анаҩс атәыла ахада ихьӡала ашәҟәы рҩит. Уа ахаҵгылара арҭеит. Аԥара азоурыжьит, мызкы аԥхьа аусурақәа ирылаган", - иҳәеит Хәырхәмал.
Аргыларақәа мҩаԥнагоит аилахәыра “Горстрой”. Апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иҳәеит аандакәырша зықәдыргыло ашьаҭа шыҟарҵахьоу, иара убас атанк ахьықәдыргылогьы.
“300 куб рҟынӡа анышә ықәҳаԥсеит. Проблеманы иҳамоу амш аҭагылазаашьоуп. Егьыс аматериалқәеи аԥареи рзы проблема ыҟаӡам. Нанҳәа 31 рҟынӡа аобиект азҳархиоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Абаҟа ахәԥсаз ахарџьынҵа иартәоит 3 млн. 953 нызқьмааҭ.