https://sputnik-abkhazia.info/20230704/markyla-asny-ayntylat-eibashraan-iakhaz-rbaa-dyrgylarany-ioup-1046701115.html
Маркәыла Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа дыргылараны иҟоуп
Маркәыла Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа дыргылараны иҟоуп
Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Абаҟа ахәԥсаз ахарџьынҵа иартәоит 3 млн. 953 нызқьмааҭ. 04.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-04T11:50+0300
2023-07-04T11:50+0300
2023-07-05T13:45+0300
ажәабжьқәа
аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
аԥсны
очамчыра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1e/1046640502_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_2a189f14186b25ce44ba36b0fa1d91ba.png
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа дыргылараны иҟоуп Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан. Атанк асахьа зауа амонумент дыргылоит аԥсуа еибашьцәа раԥхьа аҿагылара ахьыҟарҵаз аҭыԥ аҿы. Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал иажәақәа рыла, уаанӡа ара ахаҳә шьҭан, анаҩс абаҟа аргылара азԥхьагәаҭан. Аргыларақәа мҩаԥнагоит аилахәыра “Горстрой”. Апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иҳәеит аандакәырша зықәдыргыло ашьаҭа шыҟарҵахьоу, иара убас атанк ахьықәдыргылогьы. “300 куб рҟынӡа анышә ықәҳаԥсеит. Проблеманы иҳамоу амш аҭагылазаашьоуп. Егьыс аматериалқәеи аԥареи рзы проблема ыҟаӡам. Нанҳәа 31 рҟынӡа аобиект азҳархиоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Абаҟа ахәԥсаз ахарџьынҵа иартәоит 3 млн. 953 нызқьмааҭ.
очамчыра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1e/1046640502_240:0:1680:1080_1920x0_80_0_0_d3163a244a71a4962a7d2ed4a5b46024.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, очамчыра араион
ажәабжьқәа, аԥсны, очамчыра араион
Маркәыла Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа дыргылараны иҟоуп
11:50 04.07.2023 (ирҿыцуп: 13:45 05.07.2023) Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Абаҟа ахәԥсаз ахарџьынҵа иартәоит 3 млн. 953 нызқьмааҭ.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа дыргылараны иҟоуп Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.
Атанк асахьа зауа амонумент дыргылоит аԥсуа еибашьцәа раԥхьа аҿагылара ахьыҟарҵаз аҭыԥ аҿы.
Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал иажәақәа рыла, уаанӡа ара ахаҳә шьҭан, анаҩс абаҟа аргылара азԥхьагәаҭан.
“Ҩышықәса раԥхьа ақыҭа ауааԥсыра аҵакыраҭыԥ аздырхиеит, анаҩс атәыла ахада ихьӡала ашәҟәы рҩит. Уа ахаҵгылара арҭеит. Аԥара азоурыжьит, мызкы аԥхьа аусурақәа ирылаган", - иҳәеит Хәырхәмал.
Аргыларақәа мҩаԥнагоит аилахәыра “Горстрой”. Апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иҳәеит аандакәырша зықәдыргыло ашьаҭа шыҟарҵахьоу, иара убас атанк ахьықәдыргылогьы.
“300 куб рҟынӡа анышә ықәҳаԥсеит. Проблеманы иҳамоу амш аҭагылазаашьоуп. Егьыс аматериалқәеи аԥареи рзы проблема ыҟаӡам. Нанҳәа 31 рҟынӡа аобиект азҳархиоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Абаҟа ахәԥсаз ахарџьынҵа иартәоит 3 млн. 953 нызқьмааҭ.