Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчагақәа Украина иатәыз аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14 карыжьит

Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 4887.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактив хгәыцәқәа хәба карыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аимнистрра.
Иара убасгьы икажьуп украинатәи ҳаирпланқәа ҩба – Су-25 (ДЖәР, Георгиевка; Запорожиатәи аобласт, Орехов). Аҽа ҳаирпланки авертолиот Ми-8 карыжьит урыстәылатәи аԥырҩцәа. Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 85, 102 раион рҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу еиҭеиҳәеит украинатәи аконтржәылара ацашьа атәы
Аусбарҭа иаанацҳауеит Донецктәи ахырхарҭаҿы аӷа ижәыларақәа 10 шаԥырҟәҟәаау, ишицәыӡыз 290-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа 9, апикапқәа 2, артиллериатә шьақәгыла "Акация", агаубицақәа "Мста-Б", Д-30, артиллериатә шьақәгыла "Krab" 54-тәи амеханизациа зызуу абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы ԥшь-жәыларак аԥырҟәҟәаауп. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 135-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа 2, апикапқәа 2, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-30, Д-20.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ажәыларақәа ҩба аԥырҟәҟәаауп. Запорожиатәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 200-ҩык аибашьцәа, танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ԥшьба, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хԥа, ҩ-гаубицак "Мста-Б", УАМ амеханизациа зызуу 47-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 30-ҩык аибашьцәа, автомашьынақәа 3, артиллериатә шьақәгылақәа "Гиацинт-С", "Акация", агаубица Д-20, артиллериатә система М777.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 50-ҩык, х-автомашьынак, агаубица "Мста-Б", артиллериатә система М777 (ЕАА).
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 10 карыжьит