Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу еиҭеиҳәеит украинатәи аконтржәылара ацашьа атәы

© Sputnik / POOL/Михаил Метцель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел встречу с министром обороны РФ С. Шойгу
Президент РФ В. Путин провел встречу с министром обороны РФ С. Шойгу - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2023
Анапаҵаҩра
Украинатәи арбџьармчқәа Урыстәылатәи апозициақәа рахь рконтржәылара иалагеит рашәара 4 2023 шықәса рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Украинатәи арбџьармчқәа иарбан тактикатә хырхарҭазаалакгьы аҿы ирымаз ахықәкқәа акгьы рзынамыгӡеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу атематикатә селектортә еилацәажәараҟны.

"Иааидкыланы хырхарҭа заҵәыкгьы ыҟам ҳаӷацәа рхықәкқәа ахьынарыгӡаз. Уи иаршаҳаҭуеит ҳаибашьцәа рфырхаҵареи рдырреи шаҟа рыҩаӡара ҳараку, идырҽхәоз мраҭашәаратәи абџьар шбашоу", - иҳәеит иара.

Шоигу иажәа иацҵо иҳәеит урыстәылатәи аруаа аӷа ааха ширҭац иширҭо - Алада-Донецктәи, Запорожтәи, Донецктәи ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп аҳаирпланқәа 15, авертолиотқәа хԥа, акәылӡытехника акқәа 920, урҭ рхыԥхьаӡараҿы "Leopard" захьӡу атанкқәа 16. Аусбарҭа аиҳабы ишиҳәаз ала, урҭ рҩызцәа атанкқәа реиҳарак Португалиеи Польшеи рҟынтәи Украинаҟа инарышьҭыз роуп.
Уи адагьы, рашәара 4 раахыс украинатәи архәҭақәа ирцәыӡхьеит арбџьар ҩ-нызқьи бжаки ак раҟара, аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ракәзар, иааныркылеит HIMARS ареактивтә снариадқәа 158, амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа Storm Shadow 25 цыра, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 386.
Сергеи Шоигу иара убас иазгәеиҭеит Киев аибашьра адәаҿы акгьы ахьрықәымҿиаз азы ргәыԥжәара аҭынч уааԥсыра робиектқәа иреихсны ирхыргарц ишаҿу, аха аурыс солдаҭцәа азыҟаҵара бзиа аарԥшны аҭынч уааԥсыра ааха рмоуртә иҟарҵоит иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0