Аԥсны

Очамчыра араион аҿы ақәаршҩы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа ықәнагеит

Ԥхынгәы 9 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит, аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Ирацәаҩуп ӡыдеи лашарадеи иаанхаз.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Очамчыра араион аҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
"Ақәаршҩықәа аԥхасҭа рырҭеит ақыҭақәа Ҷлоу, Маркәыла, Мықә, Лашькьындар рыҟны ақыҭамҩақәеи ацҳақәеи. Уажәы ҳара Ҷлоу ақыҭаҿ ҳаҟоуп. Ара ацҳақәа ҩба еиҭашьақәыргылатәуп, иҟоуп адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥқәагьы. Акәасқьа ақыҭан адгьыл ахьҳәазаз ҩнык ааха анаҭеит, аҭыӡқәа еиҟәшьшьеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Очамчыра жәохә инареиҳаны ахатәыҩнқәа аӡы рыҩналеит, иара убас араион ақыҭақәак рҿгьы аҩнқәа аӡы рыҵалеит.
Габелаиа иҳәеит уажәы араион ақыҭанхамҩа иаиуз аԥхасҭазы адыррақәа шеизырго.
Араион ахадара аусзуҩцәа ақыҭақәа ирылсны амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа гәарҭоит ҳәа азгәеиҭеит Артемон Габелаиа.
Аԥсны
Бжьаниа Гагра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа шцоз гәеиҭеит