Аԥсны

Аԥсны АҶА: амшцәгьақәа раан хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи аԥҳәыс лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп

Алаҳаӡы ақыҭан аӡы иагаз аԥҳәыс хәымш ирықәуп лыԥшаара иаҿуижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа амшцәгьақәа раан Гагра араион аҟны хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи аԥҳәыс лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭгәаҭара аусзуҩцәа аԥҳәыс аӡы днанагазар алшоит ҳәа агәызҩара ахьрымоу амшынаҵатә ҭыԥқәа ргәаҭара мҩаԥыргоит, Гәдоуҭа араион аиқәырхаҩцәа амшын аԥшаҳәа ҭырҵаауеит. Уи адагьы аҳауа аҟынтәи аԥырҩы дызҭам ахархәагала аԥшаарақәа мҩаԥыргоит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Урыстәыла атәылауаҩ Алаҳаӡы ақыҭан аӡиас Бзыԥ дагеит ԥхынгәы 9 рзы. Иара убри амш азы Гагра ихыҵыз аӡқәа ирхырҟьаны 1100-ҩны аӡы рыҩналеит.
Аԥсны
Аволонтиорцәа Гагра араион аҿы аӡхыҵра зԥырхагахаз хә-ҭаацәарак ирыцхрааит