Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аволонтиорцәа Гагра араион аҿы аӡхыҵра зԥырхагахаз хә-ҭаацәарак ирыцхрааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Последствия после потопа в Гагре
Последствия после потопа в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 8-9 руха Гагра араион аҿы иҟалаз аӡхыҵраан 1100 нхамҩа аӡы рыҵалеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аволонтиорцәа Гагра араион аҿы аӡхыҵра зԥырхагахаз хә-ҭаацәарак ирыцхрааит.
Аволонтиор Рада Харчлааԥҳа лажәақәа рыла, ацхырааразы еизеит 25-ҩык Аԥсны араионқәа рҟынтәи ауаа. Урҭ гәыԥ-гәыԥла рҽыршан, Лӡаа, Ԥсахара, Гагра агәы ицеит.
"Аиҳараҩык Ԥсахара аус руан, избанзар уа аԥхасҭа зауз ауаа рхыԥхьаӡара даара ирацәан, урҭ рахьтә аӡәырҩы тәанчаҩцәан. Аволонтиорцәа махәҿала аус руит - аҩнқәа еилдыргон, аӡы ҩныртон, алыкь дрыцқьон, ирԥссон, амахәқәа хырҵәон, икажьыз аҵла шьапқәа ықәыргон, ачеи аӡрыжәтәи ауаа ирзыршон", - лҳәеит Харчлааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аҭыԥантәи ауааԥсыра иџьаршьеит аваолотиорцәа цхыраара ишнеиз анырба, аха иреигәырӷьеит.
"Ауаа ргәы камыжькәа рынқәа реилыргара иаҿуп. Ироуз аԥхасҭа амҽхак ҭбаауп. Ҳаргьы иҳалшоз ала ҳрыцхрааит. Уажәшьҭа атехника хьанҭа неины агәамсам ықәыргароуп", - лҳәеит Харчлааԥҳа.
Аволонтиор иахьатәи амш баша имҩамсит ҳәа лгәы иахәаны илҳәеит, избанзар ирылшоз ала ауаа ацхыраара рырҭеит.
Иара убас лара илҳәеит Агуманитартә программақәа рцентр аԥхасҭа ахьыҟалаз араионқәа рахь ахәыҷқәа рыфатә, аҵаршәқәа, ахәшәқәа шынарышьҭыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0