АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабыс даҭоуп Валентин Ҭраԥшь. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Лаҵара 14 2023 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡоз Лоу Инал-иԥа, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иусԥҟала дҟаҵоуп Ауаажәларратә шәарҭадара аусбарҭа аиҳабыс.
Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Асҭамыр Ҭаниа.