Аԥсны

45 миллион мааҭ инареиҳаны Аҟәа араион аҟны ауал ыҟоуп афымцалашара ахәԥсашәараҿы

Аҟәа араион ахада иажәақәа рыла, алашараз аԥареизгара 50% иазҳаит 2022 ашықәсбжаз еизгаз аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Аҟәа араион аҿы 2023 шықәса раԥхьатәи афымз рзы алашара ахәԥсашәараз ауал 45,8 миллион мааҭ итәоит ҳәа иҳәеит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа аҳасабырбатә еилацәажәараҟны.
Фымз рыла ахархәара зҭаз афымцамч азы еизгоуп 9 миллион мааҭ, мамзаргьы ишәатәны иҟаз аҟынтә 17,5%.
Ҷыҭанаа иҳәеит ишәоу аҟынтә 7,3 миллион мааҭ ахатәхаҿқәа ишыршәаз, 1,7 миллион мааҭ – аиурист хаҿқәа.
2023 шықәсазы алашараз аԥареизгара 50% иазҳаит 2022 ашықәсбжаз еизгаз аасҭа.
Аԥсны
Гәылрыԥшь араион аҿы алашараз аизгақәа 23% артәеит