Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа ареспублика ақалақьқәа рӡымҽхак ҭырҵааит

Рашәарамзазы имҩаԥысуаз аекспедициа хықәкы хадас иаман Аԥсны аӡымҽхак аӡаҵа-археологиатә ԥшыхәра амҩаԥгара, ахыбрақәа рыԥшаара, урҭ рыҭҵаара, агеографиатә баҟа ҿыцқәа аҭҵаарадырра ралагалара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Севастопольтәи аҳәынҭуниверситет, РАН мрагылараҭҵаара Аинститут рҵарауаа ареспублика ақалақьқәа рӡымҽхак ҭырҵааит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит мрагылараҭҵаара Аинститут Ҟрыми Адгьылбжьарамшыни рҭоурых-археологиатә ҭҵаара Ацентр аиҳабы Виктор Лебедински.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны амшынԥшаҳәа беиоуп амшынныҟәара, аӷбаргылара реиԥш иҟоу археологиатә ргыларақәа рыла. Антика аамҭазы, Византиатәи аимпериеи Аԥсуа ҳәынҭқарреи рхаан ара мшынлатәи ахәҳаахәҭра иадҳәалаз ақалақьқәа – Питиунт, Диоскуриа, Гиуенос рацәан. Убри азы амшын аҵаҿы урҭ рыхәҭақәа маҷым.
Лебедински иҳәеит 2023 шықәсазы аӡаҵаҿы ишазгәаҭаз 20 инарзынаԥшуа "аномалиа". Аргыларақәа инарҵауланы иҭҵаахоит 2024 шықәсазы.
Ԥхынгәымзазы аҵарауаа адәныҟатә ԥшаарақәа мҩаԥыргон Очамчыра. Аҵарауаҩ ишиҳәо ала, уа ақалақь Гиуенос абнара зхыҵәахьоу ацәынхақәа ыҟоуп. Алидартә технологиақәеи акомпиутертә программақәеи рхархәарала аҵарауаа ирыгәҭакуп зинтерес рымоу адгьылҭыԥқәа дрыцқьарц.
Аԥсны
Здаҟам аԥшаах: Кәыџба иашҭаҿ архиологцәа ирыԥшааз
Иара убасгьы Афон Ҿыц иахьаҵанакуа ирыԥшааит Урыстәылатәи аимператортә флот иатәыз аӷба "Siracusa". Лебедински ишиҳәо ала, Актәи адунеизегьтәи аибашьраан иара ӡаанарҟәрылеит амшынаҵатә ӷба. Аҵарауаа ргәаанагарала аӷба ҟаҵан XIX-XX ашәышықәсақәа рзы. Аӡаҵаҟа иара бзианы еиқәхеит.
Аҟәа араион аӡиас Басла армарахьтәи аҟәараҿы аҵарауаа ирбеит абжьарашәышықәсақәа ирыҵанакуа аргыларақәа.
"Ҳусура алҵшәақәа бзиоуп, аус здуылатәу иҿыцу аматериал рацәа еизаагеит. Адәныҟатәи усурақәа рышьҭахь аматериал аус адаауылоит. Уи инарҭбаау аинформациа ҳнаҭоит", - ҳәа иҳәеит Лебедински.
Иара дазааҭгылеит аҵарауаа рзы Аԥсны аҭҵаарақәа акыршрыҵаркуа, ареспублика "акыр ишентересу", ԥхьаҟа имаҷымкәа аҭоурыхтә баҟақәа шаарԥшхо.
Аԥсны
Аҭоурых ашьҭақәа: археологцәа 2022 шықәсазы Аԥсны ирԥшааз