Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭоурых ашьҭақәа: археологцәа 2022 шықәсазы Аԥсны ирԥшааз

© Sputnik / Марианна Кубрава Раскопки в Сухумской крепости
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәса рзы урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Аԥсны иахьаҵанакуа акырџьара археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥыргон.
Иҳаҩсыз ашықәс археологцәа рзы ибарақьаҭхеит. Аԥсны еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны ирԥшаази урҭ ҵакыс ирымоуи ртәы шәаԥхьа Sputnik аҿы.

Мықәтәи ахраҿа

Очамыра араион Мықә ақыҭа анхацәа адгьыл ианықәаарыхуаз ирԥыхьашәеит аџьазтә храҿа. Артефакт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан ирҭеит.
"Аԥшаамҭа аҵакы дууп избанзар, аиԥш зеиԥшу уажәраанӡа иԥшаамызт, аџьаз иалхуп, акәша-мыкәша даара иқәҵаны, ирԥшӡаны иҟаҵоуп", - ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит афакультет адекан Алик Габелиа.
Габелиа Мықә иԥшааз ахраҿазы: аиԥш зеиԥшу макьана Аԥсны иԥшаамызт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2022
Арадио
Габелиа Мықә иԥшааз ахраҿазы: уажәраанӡа аиԥш зеиԥшу Аԥсны иԥшаамызт
Аҵарауаа ари аԥшаамҭа уникалтәуп ҳәа ахырҳәааит, аха уи рыцхәс изҵанакуа ҳәа инҭкааны ирзымҳәеит. Дара ргәанала, уи аҭыԥантәи аҟазацәа иҟарҵеит, избанзап иара зларԥшӡоу аҭырҷҷақәа аԥсуа графикатә традициа иаҵанакуеит.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу Урыстәыла аукцион аҿы ирҭииуан, уи амонголцәа раамҭа - 13-15 ашәышықәсқәа ирыҵанакуеит, аха Мықә иԥшааз ахраҿы жәытәӡатәиуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
"Ахраҿа аныҳаӡәӡәа ашьҭахь ашьапаҿы анбан "А" ацәаара ҳбеит. Амаҭәар џьарантә иаанагазар ҟалоит, аха ара инхозгьы уи рзыҟаҵомызт узҳәом", - ҳәа азгәеиҭеит Габелиа. Ахраҿа анҭырҵаалак, аҵарауаа ргәы иҭоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иҟоу амузеи мамзаргьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭарц.
Иара ахьырԥшааз аҭыԥ аҿы аҵарауаа археологиатә жрақәа мҩаԥыргарц ргәы иҭоуп.

Атсалых ҭоубыҭ

2022 шықәса нанҳәамзазы ажәытә қалақь Гиуенос (уажәтәи Очамчыра иахьаҵанакуа - аред.) аҵакыраҿы аԥснытәии урыстәылатәии археологцәа ирԥшааз атсалых ҭоубыҭ атәылақәа жәпакы рҵарауаа иџьаршьаз хҭысхеит.
Иуникалтәу аԥшаах рԥыхьашәеит ҳара ҳера V - VI ашә. ирыҵанакуа заақьырсиантәи абазилика аҭыԥ аҿы.
Уаанӡа Аԥсны ирԥшаахьаз аџьазтәи амармалташьтә ҭоубыҭқәа ракәын. Аметалл иалху аҭоубыҭ усҟантәи аамҭа иатәу Византиа зегь аиԥш ақьырсиан дунеи зегьы азгьы зыда ыҟам ԥшаахуп. Уажәраанӡа Кавказ, Амшынеиқәаҿықә, ма уаанӡатәи СССР аҵакыраҿы ари аҩыза рымбацызт. Асеиԥш иҟоу аҭоубыҭқәа рбахьан Ҭырқәтәыла, Франциа, Англиа.
Свинцовый саркофаг из Гюэноса - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Аҭсатә ҭоубыҭк аҭоурых: Очамчыратәи аԥшаах иазку афактқәа быжьба
Аҭоубыҭ аҩнуҵҟа ахаҵа иԥсыбаҩ ҭан, данԥсуаз 50 шықәса раҟара ихыҵуан. Аҵарауаа ргәаанагарала, Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын. Аԥсыбаҩ ада акгьы ҭамызт.
Ԥхынгәымза 30 рзы атсалых ҭоубыҭ Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит.

Ақәҿиарақәа ҩба

Иҳаҩсыз аԥхынразы аҵарауааи, ААУ аҭоурыхтә факультет астудентцәеи, аволонтиорцәеи Аҟәатәи абааҿы археологиатә жрақәа мҩаԥыргон. Анаҩс дара ирыцлеит Атәылахьчара аминистрра аруаагьы.
Арҭ археологиатә жрақәа раан ԥшаатәы хадас ирыман Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра.
Чачба инышәынҭра макьана ирԥыхьамшәаӡацт, аха уеизгьы алҵшәа бзиақәа рымоуп. Ирԥшааит XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзанқәа ҩба. Арҭ рҩызцәа аԥшаахқәа уаанӡа Аԥсны ирымбацызт. Урҭ иреиуоу гылоуп Махачкалеи Санкт-Петербурги рмузеиқәа рҿы.
Раскопки в Сухумской крепости - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Аҭоурых амаӡақәа: Аҟәатәи абааши уи "аҳамҭақәеи"
Ирԥшааз абзарбзан амодель "Х-ԥуҭк иҟоу аԥышәаратә бомбатә аԥшаҳәатә бзарбзан" ахьӡуп. Иара хысыр, 2,5 километра рҟынӡа инаӡар алшон. Арҭ рҩызцәа абзарбзанқәа Урыстәылатәи аимпериа ар ирыман.
Ажрақәа напхгара рызҭоз Алик Габелиа адырра ҟаиҵеит артефактқәа анҭҵаахалак ашьҭахь урҭ абаа аҵакыраҿы иргыланы иаарту ажәҩан аҵаҟа амузеи аадыртыр шырҭаху.
Аҟәатәи абааҿы имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа раан еиуеиԥшым амаҭәахәқәа рыԥшааит - акыцлыхқәа, аџьаз, ахаҳә ирылху аԥшаахқәа, аҭырқәа ҭаҭынжәыгақәа, 100 цырак ахылҳәақәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габелиа Аҟәатәи абааҟны аԥшаахқәа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2022
Арадио
Габелиа: Аҟәатәи абаагәараҟны абаҳа ыҵаҵаны иаурҳәыр, артефакт уԥылоит

Анцәахәы иҳаҭәараҷ

Очамчыратәи араион ҵыԥх аԥшаахқәа рыла ибеиан. Нанҳәамзазы Гиуенос имҩаԥыргоз ажрақәа раан аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа ирԥыхьашәеит ҳара ҳера V-IV ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа иуникалтәу аџьаз иалху аҳаҭәараҷ.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы аиҳабы Аркади Џьопуа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, артефакт ԥшаан акульттә ргыламҭа аҩнуҵҟа.
"Иԥшаау аџьаз иалху аҳаҭәараҷ Бырзентәылантәи иаагазар алшоит, Гиуенос аҟны иԥшаау амаҭәарқәа Атиккантәи иааган. Аиԥш зеиԥшу аԥшаахқәа ԥшаан абырзентәи ақалақьқәа рҟны, уи азы уахьынтә иааган ҳәа агәаанагара сымоуп. Аԥсны азы аԥшаах уникалтәуп. Ари аҭыԥ аҟны ас еиԥш аҳаҭәараҷқәа ҳамбацызт", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Абхазские и российские ученые обнаружили бронзовая фигурка божества V-IV веков до нашей эры - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2022
Аԥсны
Антикатә аамҭа иаҵанакуа аџьаз иалху аҳаҭәараҷ Очамчыра имҩаԥысуа ажрақәа рҟны иԥшаан
Аԥшаах аҭагылазаашьа шыбааԥсымгьы, ареставрациа аҭахуп иҳәеит Џьопуа. Аԥшаах ишьақәыргыланы ианҭырҵаалак ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа иреиуахоит.

Ажәытә еибашьҩы

2022 шықәса нанҳәамзазы Очамчыра араион Маркәылатәи ажәытә қалақь аҟны ирбеит згәышԥы ахыц алаз ажәытә еибашьҩы иԥсыбаҩ.
Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аклассикатә археологиа аҟәша аусзуҩ, аҭоурыхдыррақәа ркандидат Галина Требелева иҟалҵаз адыррала, ажрақәа мҩаԥыргон ақьырсиан баашқәа ируаку (IV-V в.в. н.э.) ахьгылаз аҭыԥ аҿы.
Лара лажәақәа рыла, аибашьра адәаҿы иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ иалоу ахҿеи, уи ивараҿ иԥшаази Х ашәышықәса иаҵанакуеит.
Абхазские и российские ученые раскапывают древний город в Очамчрые - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2022
Аԥсны
Ажәытә еибашьҩы иԥсыбаҩ ԥшаан Аԥсны имҩаԥысуа ажрақәа раан
Ажрақәа ахьымҩаԥыргоз аҭыԥ аҿы ирбеит даҽа ҩ-ԥсыжырҭак. Аҵарауаа ишьақәдыргылеит урҭ римтәи аамҭа - ҳара ҳера I ашәышықәса ишаҵанакуа.
Археологцәа ирыԥшааит амқьаҭқәа, аҟамақәа, абџьар, агәлаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, ахаԥыц аԥшра змоу аҭаӡ, иара убасгьы римтәи аԥсыжырҭақәа. Арҭ зегьы аҭҵаара ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0