АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik. Ԥхынгәы алагамҭаз ацхырааразы Аԥсныҟа дааит Башкортосҭанынтәи аинфекционист, иара амза нҵәаанӡа аԥсуа ҳақьымцәа дрыцхраалоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амедусбарҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа.
Гәниа иажәақәа рыла, урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсны иҟан 2021-2022 шықәсқәа раан апандемиа аамҭазы. Гәниа иҳәеит нанҳәеи цәыббреи амзақәа рзы Аԥсныҟа ишаауа ареаниматологи аинфекционисти.
Аҳақьымцәа русура ахә ахнашәаауеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи иареи реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.